Аԥсны иршьыз атурист иԥсыбаҩ Москваҟа амҩа иқәҵоуп

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны иршьыз атурист иԥсыбаҩ Москваҟа амҩа иқәҵоуп
Аԥсны иршьыз атурист иԥсыбаҩ Москваҟа амҩа иқәҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 11 асааҭ 12.20 рзы аӡиас Ааԥсҭа амшын иахьалало аҭыԥ аҿы урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит, руаӡәк дыршьит.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ԥхынгәы 11 асааҭ 12.20 рзы аӡиас Ааԥсҭа амшын иахьалало аҭыԥ аҿы урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит, руаӡәк дыршьит. Иршьыз атурист Андреи Кабанова иԥсыбаҩ ашьыжь асааҭ 08.00 рзы Шәачатәи аеропорт ахь амҩа иқәҵоуп, иҳәеит Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.

"Асааҭ 16:50 рзы аҳаирплан Москва итәоит. Уаҟа даԥылоит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба. Сара Аԥсныи-Урыстәылеи рҳәаа аҟынӡа Кабанов иҭаацәа срыцын, наҟ урҭ дрыццараны дыҟоуп Акурортқәеи атуризми рминистрра ахаҭарнак", — иҳәеит Лев Кәыҵниа.

Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит ԥхынгәы 11 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан.

Атуризм Аԥснытәи Аидгыла апрезидент Анна Калиагина - Sputnik Аҧсны
Анна Калиагина: ахҭыс акурорттә сезон анырра анаҭоит

Ацәгьоура ҟалеит амшын аԥшаҳәаҿы. Макьаназ зхаҭара шьақәыргылам ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны, абџьари аҳәызбеи рхархәарала атуристцәа ирықәлеит. Ақәылараан Кабанов Андреи Николаи-иԥа 1984 шықәса рзы ииз игәышԥахьы ҩынтә аҳәызба иларҵеит. Кабанов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Ацәгьоуцәа ирӷьычит иара убасгьы Кабанова Наталиеи уи ҩыџьа лхәыҷқәа – 2006 шықәсеи 2015 шықәсеи рзы иизи иара убасгьы Чижикова Наталиеи уи лхәыҷқәа ҩыџьеи, 2002 шықәсеи 2007 шықәсеи рзы иизи. Аоперативтә уснагӡатәқәа ирылыршаны ирӷьычыз ауаа рхы иақәиҭтәын.

Ацәгьоура ҟазҵаз ауаа рыԥшаареи рышьақәыргылареи рзы аусурақәа хацнаркит Гәдоуҭа араион апрокуратура.

Урыстәылатәи атурист дызшьыз ҳәа агәҩара зызрымоу шьақәыргылоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Урҭ макьана изусҭцәоу рхаҭарақәа ӡыргам аусҭҵаара иаԥырхагамхарц азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0