Апрокуратура хада: урыстәылатәи атурист дишьит ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаҩԥсы даанкылоуп

© SputnikАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит ԥхынгәы 11 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан.

АҞӘА, ԥхынгәы 14 — Sputnik. Аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа раан даанкылоуп ԥхынгәы 11 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан атуристцәа ирықәлаз ҳәа агәҩара ззыҟоу ауаҩԥсы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада аофициалтә саит.

"Иаанкылоу ихьӡ макьаназ ашьаусҭҵаара аинтересқәа ирыдҳәаланы идырзом", — ҳәа арбоуп адырраҭараҟны.

Уажәы иара ацәгьоура дшалахәу атәы узырдыруа аилкаарақәа мҩаԥыргоит.

Уаанӡа Урыстәылатәи атурист дызшьыз ҳәа агәҩара зызрымоу шьақәыргылоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлеит ԥхынгәы 11 рзы Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан.

Ацәгьоура ҟалеит амшын аԥшаҳәаҿы. Макьаназ зхаҭара шьақәыргылам ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны, абџьари аҳәызбеи рхархәарала атуристцәа ирықәлеит. Ақәылараан Кабанов Андреи Николаи-иԥа 1984 шықәса рзы ииз игәышԥахьы ҩынтә аҳәызба иларҵеит. Кабанов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Аԥсны иршьыз атурист иԥсыбаҩ Москваҟа амҩа иқәҵоуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иршьыз атурист иԥсыбаҩ Москваҟа амҩа иқәҵоуп

Ацәгьоуцәа ирӷьычит иара убасгьы Кабанова Наталиеи уи ҩыџьа лхәыҷқәа – 2006 шықәсеи 2015 шықәсеи рзы иизи иара убасгьы Чижикова Наталиеи уи лхәыҷқәа ҩыџьеи, 2002 шықәсеи 2007 шықәсеи рзы иизи. Аоперативтә уснагӡатәқәа ирылыршаны ирӷьычыз ауаа рхы иақәиҭтәын.

Ацәгьоура ҟазҵаз ауаа рыԥшаареи рышьақәыргылареи рзы аусурақәа хацнаркит Гәдоуҭа араион апрокуратура.

Ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба далахәны имҩаԥысит Урыстәылатәи атуристцәа рықәлареи атурист иҭархареи раарԥшразы иаԥҵаз Аоперативтә штаб аилатәара.

Иара убасгьы атәыла Ахада инапынҵала Аԥыза-министр Беслан Барцыц ихахьы игеит иҭахаз иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь агара ахылаԥшра. Аԥсны Аиҳабыра уи азы иахәҭаны иҟоу ахарџь ашәара иаҵагылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0