Инал Лазба АУН "Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Енергосбыт" адиректорс дҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИнал Лазба АУН "Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Енергосбыт" адиректорс дҟаҵоуп
Инал Лазба АУН Амшынеиқәафымцамч афилиал Енергосбыт адиректорс дҟаҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Инал Лазба АУН "Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Енергосбыт" адиректорс дҟаҵоуп. Уаанӡа ари аҭыԥ ааникылон Витали Аҭәмаа.

АҞӘА, ԥхынгәы 18 — Sputnik. АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа инапы аҵеиҩит Инал Лазба АУН "Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Енергосбыт" адиректорс иҟаҵаразы Адҵа.

"Инал Лазба, ишықәсқәа шырацәамгьы профессионалтә напхгаҩык иҳасаб ала ихы ааирԥшхьеит. Сақәгәыӷуеит инапы иану аусқәа лҵшәабзиала инеигӡап ҳәа. Изеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа", ҳәа азгәеиҭеит Аслан Басариа.

Инал Лазба АУН "Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Енергосбыт" адиректорс дҟарҵаанӡа ари аҭыԥ ааникылон Витали Аҭәмаа. Уи уажәы адиректор ихаҭыԥуаҩ имаҵзура имоуп.

Лазба Инал Уасил-иԥа диит нанҳәа 17 1987 шықәса рзы. 2010 шықәса рзы далгоит ААУ адиплом ҟаԥшь иманы. Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа русхк аҟны дҟазауаҩуп, деиҭагаҩуп.

2010-2011шш. рзы напхгара аиҭон Аԥсны раԥхьатәи Ахада В. Арӡынба иинформациатә портал аусура. 2012-2014 шш. рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аинформациатә ҟәшаҟны аус иуан.

2014 – 2016шш. рзы Амультимедиатә хаб "Sputnik-Аԥсны" анапхгаҩыс дыҟан. 2017 шықәса ажьырныҳәамза инаркны ԥхынгәымзанӡа АГТРК адиректор хада лхаҭыԥуаҩыс дыҟан. Идыруеит аԥсуа, аурыс, англыз бызшәақәа. Аҭаацәара далам.

Ажәабжьқәа зегьы
0