Гал ақалақь 85-шықәса ахыҵра иазкны аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит

© Sputnik Роберт ДжопуаПраздничные мероприятия к 85-летию города проходят в Гале
Праздничные мероприятия к 85-летию города проходят в Гале - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аныҳәатә уснагӡатәқәа рҳәаа иҭагӡаны имҩаԥысраны иҟоуп ахәыҷтәы рҿиаратә коллективқәеи рықәгыларақәа иара убасгьы ақыҭанхамҩатә аалыҵ ацәыргақәҵа.

АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Гал ақалақь 85-шықәса ахыҵра азгәарҭоит ахаша, ԥхынгәы 19 рзы. Абри атәы ааицҳауеит ҳкорреспондент Роберт Џьопуа аҭыԥ аҟынтәи.

Ақалақь Ахадара ахаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа, араион ауааԥсыра шьыжьнаҵы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа.

"Акультура Ахан аҿаԥхьа иқәыргылоуп асцена. Ахәыҷтәы коллективқәа араҟа рҟазара аадырԥшуеит. Ааигәа имҩаԥысуеит ақыҭанхамҩатә аалыҵ аиармарка-ацәыргақәҵа. Гал даҭааны дыҟоуп Аԥсны Аԥыза-министр, ареспублика аиҳабыра рхаҭарнакцәа" ҳәа иҩуеит ажурналист.

Иара убасгьы иахьа имҩаԥысуеит мырзаҟантәи аԥсуаа реизара ду. Гал араион ауааԥсыра дрыдныҳәалеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.

© Sputnik Роберт ДжопуаПраздничные мероприятия к 85-летию города проходят в Гале
Праздничные мероприятия к 85-летию города проходят в Гале  - Sputnik Аҧсны
Праздничные мероприятия к 85-летию города проходят в Гале

"Гали Гал араиони Аԥсны азы аҷыда ҟазшьа змоу стратегиатә раионқәоуп. Сынтәа Гал ақалақь иахыҵуеит 85-шықәса", ҳәа азгәеиҭеит атәыла Ахада.

Имҩаԥысуа аныҳәа еиднакылоит аԥсадгьыл бзиа избо зегьы, шьананы иазыҟоуп атәыла аҭоурыхи алахьынҵеи, ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.

© Sputnik Роберт ДжопуаПраздничные мероприятия к 85-летию города проходят в Гале
Праздничные мероприятия к 85-летию города проходят в Гале  - Sputnik Аҧсны
Праздничные мероприятия к 85-летию города проходят в Гале

"Самырзаҟан ажәытә аахыс ҳаԥсадгьыл аинтересқәа рыхьчараҿ аҵак ҷыда аманы иҟан. Зегьы еицырдыруа акоуп Гал ақалақьи Гал араиони асовет аамҭазы сталинтәи арепрессиақәа ирзааргаз арыцҳарақәа. Зықьҩыла араион ауааԥсыра амилаҭтә ассимилиациа рызун. Аха еиқәханы иҟоуп амилаҭтә гәалашәара. Иахьатәи аамҭазы ашьагәыҭтә жәлар рмилаҭтә еиҭашьақәыргылара апроцесс цоит", — ҳәа иҩуеит атәыла Ахада.

Иахьатәи Гал аҵакыра абжьарашәышықәсатәи Самырзаҟан иахәҭакуп.

© Sputnik Роберт ДжопуаПраздничные мероприятия к 85-летию города проходят в Гале
Праздничные мероприятия к 85-летию города проходят в Гале  - Sputnik Аҧсны
Праздничные мероприятия к 85-летию города проходят в Гале

Ажәабжьқәа зегьы
0