Мырзаҟантәи аԥсуаа раԥхьатәи аизара ду мҩаԥыргеит

© Sputnik Роберт ДжопуаМырзаҟантәи аԥсуаа раԥхьатәи аизара ду мҩаԥыргеит
Мырзаҟантәи аԥсуаа раԥхьатәи аизара ду мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә еиҿкаара "Мырзаҟантәи аԥсуаа реидгыла" раԥхьатәи аизара ду мҩаԥысит ԥхынгәы 19 рзы, Гал ақалақь аҟны.

АҞӘА, ԥхынгәы 20 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ауаажәларратә еиҿкаара "Мырзаҟантәи аԥсуаа реидгыла" раԥхьатәи аизара ду мҩаԥысит ԥхынгәы 19 рзы, Гал ақалақь аҟны. Аиҿкаара иахықәкы хаданы иҟоу мырзаҟантәи аԥсуаа аԥсуазеиԥшҵакыра радыԥхьалароуп иҳәеит аизараҟны иқәгылаз аиҿкаара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Едишер Зыхәба.

"Асимволтә ҟазшьа амоуп ҳақалақь 85-шықәса ахыҵра амш аназгәаҳҭо ҳаиҿкаара аизара дугьы ахьымҩаԥысуа. Ҳара иаҳхықәкуп Сталини Бериеи рхаан аԥсуа жәлацқьақәа ныҟәызгоз ауаа, аамҭа кьаҿк иалагӡаны ассимилиациа ззыруз, рыхҭылҵ рҭоурых шьаҭахь рырхынҳәра" — иҳәеит Зыхәба.

Иара иазгәеиҭеит абри апроцесс мышкала иҟауҵо шакәым, ишаҭаху аамҭа рацәа. Иара убасгьы иазгәеиҭеит дарбанызаалак абри аус ихала иӡбар шакәу.

Аизараҟны иқәгылаз Гал араион Ахада Ҭимур Надараиа еизаз дырзаԥхьеит Аԥсны Ахада Иусԥҟа. Уи инақәыршәаны 31-ҩык ауааԥсыра ирзырхынҳәуп рҭоурых жәлақәа, ирыҭоуп Аԥсны атәылауаҩра.

Иара иҳәеит атәыла Ахада араион анапхгара рҿаԥхьа дҵаны ишықәиргылаз Гал араион ауааԥсыра аԥсуазеиԥшуаажәларратә ҵакырахь ралагалара.

Убри иазырхоуп Қырҭтәыла апропаганда ҿаԥызҽуа ателехәаԥшра араион аҟны иахьаарту.

"Иахьатәи аамҭазы иҟоуп ауаа Қырҭтәылантәи Қырҭтәыла атәылауаҩра мап шацәыркуа зҳәо адокументқәа ҳзаазго. Аҿар аԥсуа бызшәа аҵарахьы рхы кыдырҵеит. Урҭ ирҭахуп Аԥсны иатәылауаҩны аԥсуа уаажәларратә еилазаара аӷьараҳәа иалагылазарц" — иҳәеит Надараиа.

"Мырзаҟантәи аԥсуаа реидгыла" аизара ду аделегатцәа ажәалагала ҟарҵеит абарҭ аусқәа рырццакразы аԥсуа жәлақәа реиҭашьақәыргылара апрацедура дырмариарц, ақалақь аҟны аԥсшәеи Аԥсны аҭоурыхи аԥыжәара рыҭаны иахьырҵо ашкол-интернат аадыртырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0