Аҟәа акапеллатә вокалтә квартет Cool&Jazzy аконцерт мҩаԥысраны иҟоуп

Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысуеит II Жәларбжьаратәи аџьазтә фестиваль.

АҞӘА, ԥхынгәы 20 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысуеит II Жәларбжьаратәи аџьазтә фестиваль.

Акапеллатә вокалтә квартет Cool&Jazzy ақәгылара мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 21 рзы.

Афилармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьниаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит аҩбатәи аконцерт аҽакы иалаҩашьо ишыҟамло. Иара иалахәхоит авокал-бенд, "Ward Swingle Award" актәи апремиа занашьоу, Европа иреиӷьу a'cappella гәыԥ.

"Ари ижәбахьоу иреиԥшхом. Асценаҟынтәи музыкатә инструментда ауаа рылшарала амелодиа ссирқәа рзыӡырыҩра шәылшоит. Ҳаар ҳзы ари иҿыцу жанруп, убри азы азыӡырыҩцәа арахь рааира ҳазыԥшуп" — лҳәеит асахьаркыратә напхгаҩы.

II Жәларбжьаратәи аџьазтә фестиваль актәи аконцерт иалахәын Урыстәыла жәлар рартист, агитарарҳәаҩ Алексеи Кузнецов, асаксофон арҳәаҩцәа, аишьцәа Александри Дмитрии Брильаа, апианиноарҳәаҩы Иван Фармаковски, аконтрабасист, абас-гитарист Владимир Кольцов-Крутов —ТВ-апроект "Голос" алахәыла Денис Ҳагба, аџьаз шәаҳәаҩы Ирина Родилес.

Аконцерт мҩаԥысит ԥхынгәы 13 рзы.

Акапеллатә вокалтә квартет Cool&Jazzy ақәгылара мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 21, асааҭ 19 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0