Рауль Ҳаџьымба: АКЦ Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иацхраалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҧхынгәы 25 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аколлегиа 2017 шықәса актәи азбжазтәи аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русура рылҵшәақәа реихшьалара иазкыз инеиҵыху аилатәара далахәын.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 — Sputnik. Аинформациа Координациатә Центри Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи русеицура азырхахоит Аԥсны ААР ацхыраара, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба. Абри атәы аалыцҳауеит Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡыԥҳа.

"Аматериалтә-техникатә еиқәыршәара егьырҭ ахырхарҭақәа ртәы уҳәозар, АКЦ ари азҵаара аӡбара алзыршо ак акәны иҟоуп. Аха ҳабжьара иҟоуп ари аҭагылазаашьа даҽакала хшыҩзышьҭра азҭо ауаа. Уи иашамкәа иазнеиуеит. Аӡәгьы иалиршараны дыҟаӡам амилаҭ иатәу аусбарҭа иеиҳаны иахагыло, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра инаваланы, иара анапынҵақәа назыгӡо аилазаара ашьақәгылара. Уи Аҧсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ацхраароуп хықәкыс иамоу. Хыҧхьаӡарала ари аиҵаҟәша аусзуҩцәа рыбжьара ҳара ҳтәылауаа шеиҳахо азы аилаӡарақәа ҳрылацәажәахьеит. Анапхгара азҵаарагьы ӡбоуп", — иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Рауль Ҳаџьымба иқәгылараан дазааҭгылеит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рматериалтә-техникатә еиқәыршәара азҵаарагьы.

"Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иахьатәи аамҭазы иаиуа аматериалтә-техникатә цхыраара амҽхак ҭбаам, аха, аҳәынҭқарра иамоу алшарақәа аҽҭагӡаны, адгылара анаҭоит. Атранспорт аганахьала зыӡбахә сҳәахьаз ацхыраара акәзар, иақәнагоу аҧаратә хархәагақәа азоужьуп, хара имгакәа ари аус ӡбахап ҳәа сгәы иаанагоит" — иҳәеит иара.

Ахада дазааҭгылеит аилатәараҟны иқәгылоз ишьҭырхыз аштаттә еихшанҵа азҵаарагьы.

"Аштаттә еихшанҵа атәы уҳәозар, шәара шәыҩныҵҟа ишьақәгылоу ахыҧхьаӡарақәа ҿырҧшыс иаазгар сҭахуп. Шәеилазаараҟны иҟоу 2 668 штаттә ак рахьтә ҳазну ашықәс ҧхынгәымза 1 азы 1 698 штат роуп ихарҭәаау. Уи 970 штаттә ак ҭацәуп ауп иаанаго. Сара сгәаанагарала, аштаттә еихшанҵа азҵаара ҳаиҭахәаҧшны, урҭ акқәа феидала рхархәара алыршара ахьынӡауа ҳасаб азаҳауроуп, ҳаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа еиҕьны рыӡбаразы. Шықәсымзар шықәсык абжьара аштатқәа рхыҧхьаӡареи аусзуҩцәа рхыҧхьаӡареи еиқәшәом. Шәааи, абри аҭагылазаашьа ҳаҧсахып, ҳагьрылагап ҳауаажәларраҟны зыӡбахә рҳәо ареформақәа. Агәра шәсыргоит, зынӡа даҽа хырхарҭақәак рыла алҵшәақәа ҳауа ҳшалаго", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Атәыла Ахада ҭабуп ҳәа реиҳәеит ааигәа аҭыԥ змаз ацәгьоура аарԥшра иалахәыз зегьы, иагьиҳәеит:

"Уажәааигәа иҟалаз зегь зызҿлымҳау ацәгьоура ҟазҵаз рыҧшаараҿы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахатә еилазаареи уи аус знапы алакыз зегьи – Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, Апрокуратуреи, Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзуреи русзуҩцәа — иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Иеимадаз, ҳәоуеиқәшәарыла ишьақәгылаз шәусура иҵоуроу алҵшәа ҳанаҭеит. Аха ҳара дҵа хаданы иаҳзықәгылоуп ас еиҧш ацәгьоурақәа зынӡа иҟамларатәы аҭагылазаашьа аҧҵара", ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0