Адепутатцәа амедицинатә цхырааразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит

© Sputnik / Варвара Гертье / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАдепутатцәа амедицинатә цхырааразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит
Адепутатцәа амедицинатә цхырааразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәыла Афедерациа атәылауаа ркатегориа ҷыдақәа ахәшәқәеи амедицинатә лыхқәеи рыла реиқәыршәараз Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәыла Афедерациеи рыбжьара аусеицураз Аиқәшаҳаҭра, 2017 шықәса рашәара 22 рзы анапы зҵаҩыз аратификациа азыруит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Ахаша, ԥхынгәы 26 рзы, 2017 шықәса рашәарамза 22 рзы анапы зҵаҩыз "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿыиааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәыла Афедерациаатәылауаа ркатегориа ҷыдақәа ахәшәқәеи амедицинатә лыхқәеи рылареиқәыршәараз Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәыла Афедерациеи рыбжьара аусеицураз Аиқәшаҳаҭра" аратификациа азыруит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа.

Аиқәшаҳаҭра аратификациазы рыбжьы рҭиит 34-ҩык адепутатцәа.

"Иазыԥхьагәаҭоуп еиуеиԥшым аԥыжәарақәа змоу Аԥсны атәылауаа, аибашьра аветеранцәагьы абрахь иналаҵаны, хәшәыла реиқәыршәара аиҿкаара. Уи азы иахәаҭны иҟоу азыҳәақәа Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистррахь инаҳашьҭлоит. Урҭ аншьақәырӷәӷәахалак аԥаразоужьра мҩаԥгахоит" — иҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Быжьнызқьҩык рҟынӡа ацхыраара рыҭаразы ирзоужьхоит 50 миллион мааҭ аԥара.

"Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәыла Афедераци аатәылауаа ркатегориа ҷыдақәа ахәшәқәеи амедицинатә лыхқәеи рыла реиқәыршәараз Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәыла Афедерациеи рыбжьара аусеицураз Аиқәшаҳаҭра" анапы аҵаҩын 2017 шықәса рашәарамза 22 рзы.

Аиқәшаҳаҭра ранпы аҵарҩит: Аԥснытәи Аган ахьӡала — Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа. Урыстәылатәи Аган ахьӡала Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Костенников.

Ажәабжьқәа зегьы
0