145-ҩык ахәыҷқәа жәларбжьаратәи апроект иалахәхоит

© Фото : НТВ145-ҩык ахәыҷқәа жәларбжьаратәи апроект иалахәхоит
145-ҩык ахәыҷқәа жәларбжьаратәи апроект иалахәхоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2017 шықәса, ҭагалан ихацыркхоит апроект ду "Ты супер! Танцы".

АҞӘА, ԥхынгәы 31– Sputnik. Ателеканал НТВ ирыланаҳәеит жәларбжьаратәи аконкурс ҿыц "Ты супер! Танцы" алахәразы акастинг амҩаԥысра шхыркәшахаз. Ателеканал НТВ зқьы инареиҳаны рзаҳал аиуит. Акәашаратә конкурс хылаԥшрадеи рҭаацәа рыдеи инхаз ахәыҷқәа ирнаҭоит алшара раԥхьаҟатәи рԥеиԥш аиҭакразы. Аконкурс иалахәхоит акәашаҩцәа қәыԥшқәа.

Аконкурс алахәразы рымчқәа ԥыршәон 13 тәыла рҟынтәи акәашаҩцәа: Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Латвиа, Молдавиа, Таџьыкистан, Туркмениа, Узбекистан, Украина, Аԥсны.

Зегь иреиҵбу алахәыла быжь-шықәса лхыҵуеит, иреиҳабу – жәаа-шықәса. Апроект иалахәхо зегьы аҟыбаҩ ҷыда змоу хәыҷқәоуп.

"Ты супер! Танцы" – ари лшароуп ауаа рацәа урдырразы, адунеи зыхьӡ ахыҩхьоу ахореографцәа аус рыцуурцаз, аҩызцәа ҿыцқәа уоурц.

Иаарласны, 145-ҩык апроект алахәылацәа еизоит Москва, иалагоит аҽазыҟаҵаратә аамҭа. Ахаарԥшразы ахәыҷқәа ацхыраара рырҭоит апрофессионалтә хареографцәа, арҵаҩцәа.

Ателерадиоеилахәыра НТВ-и амаҵзура Sputnik-и, имҩаԥырго жәларбжьаратәи аконкурс еиднакылоит Урыстәыла, ИАР атәылақәа, Балтиа атәылақәа рҟынтәи аҟыбаҩ бзиа злоу ахәыҷқәа, иагьырнаҭоит алшара аԥеиԥш лашазы.

Акастинг хацыркын рашәарамзазы, ихыркәшахоит нанҳәамзазы. Алахәыра аԥҟаррақәа арбоуп НТВ асаит аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0