Андреи Лихачиов ашьха Чха иԥшаара иалагоит

© Sputnik / Дмитрий Коробейников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвертолет Ми-8. Архивтә фото.
Авертолет Ми-8. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ашьхақәа рҟны иӡыз атурист гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц. Атурист иахьа уажәраанӡагьы иԥшаара иаҿуп.

АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иӡыз атурист Андреи Лихачиов иԥшаара иацҵахоит ашьха Чха аҟны, иҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Мизан Ломиа.

"8:40 рзы аверталиот ашьхаҟа ахы рханы иԥрит. Хәҩык аминистрра аусзуҩцәа ҭоуп. Аԥшаарақәа мҩаԥгахараны иҟоуп ашьхахыҵырҭа Герванга инаркны аӡиас Бзыԥ инаваршәны Чадымтәи ашьхеибаркыра аҟынӡа", — иҳәеит иара.

Аԥснытәи ашьхақәа рҟны иӡыз атурист гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц. Андреи дызнысраны иҟаз амаршрут аура 150 километра иҟоуп.

АҟәаГЕС ахьшьцәа атурист афотосахьаҟны дырдырит. Иара уа уахык дыԥхьеит, ашьыжь асааҭ 11 шыҟаз имҩа иациҵеит рҳәеит.

Лев Кәыҵниа атурист амҩа дахҟьазар ҟалоит ҳәа агәаанагара имоуп.

Аминистр иажәақәа рыла атурист Андреи Лихачиов гәҭакны иман ашьхатә маршрут Ԥсҳәы, Аӡеиқәа, ашьхахыҵырҭа Кулиамба, Ҵабал данысырц, нас уахьынтәи Гаграҟа дхынҳәырц.

"Аҵыхәтәантәи аицәажәара рыман иани иареи ԥхынгәы 12 рзы. Ԥхынгәы 22 рзы Шәачантәи иҩныҟа дԥырраны дыҟан. Андреи иҭаацәа рҟынтәи иҳамоу адыррақәа рыла иара ари амаршрут уаанӡагьы дахысхьан, идыруан", — иҳәеит аминистр.

Ашьхарахь ицо атуристцәа ашәҟәы рыҽҭарҩыр ауп уахь амҩа иқәлаанӡа, иҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа.

"Даара имаҷҩуп ишахәҭоу еиԥш ашьхаҟа амҩа иқәло атуристцәа иахьахәҭоу аҭыԥ ахь инеины ашәҟәы зҽанызҵо, адырра ҟазҵо. Ҳара иҳаздыруам ауаа рмаршрутқәа, иандәықәло, ишдәықәло. Ҳара атуристцәа ирзеиҭаҳҳәоит ашьхаҟа рцара аӡәгьы мап шацәимкуа, аха иахьыҟоу, иахьцо-иахьаауа аадыруазароуп ҳәа", — иҳәоит аминистр.

Ажәабжьқәа зегьы
0