АДА (ВДВ) амш Аҟәа иазгәарҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАДА (ВДВ) амш Аҟәа иазгәарҭеит
АДА (ВДВ) амш Аҟәа иазгәарҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АДА (ВДВ) амш аҽны адесантникцәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аибашьра Ду аветеран Ҳасан Ҳаразиа анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы.

АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҳаир десантникцәа Рымш азгәарҭоит Аҟәа, ахаша, нанҳәа 2 рзы.

"Ҳасан Лагәысҭан-иԥа Аџьынџьтәылатә еибашьраан адесанттә дивизиа напхгара аиҭон. Итрадициоу акы еиԥшхеит абри амш аҽны адесантникцәа иҳаҭгәын ахь ашәҭшьыҵәрақәа рыман иахьнеиуа. Иара убасгьы ҳара хымԥада ҳнеиуеит Ахьӡ-аԥша апарк ахьи Гәымсҭатәи ацҳахьи", ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны адесантникцәа Реидгыла ахантәаҩы Амиран Кәарҷиа.

Аԥсны абри аиҿкаара аԥырҵеит 2008 шықәса рзы.

"2008 шықәса рзы ҳара Москва имҩаԥысуаз аконференциа ҳалахәын. Уаҟоуп аиҿкаара аԥҵаразы аидеиа ахьҳазцәырҵ. Ҳара ҳадагьы аконференциа иалахәын Аахыҵ Уаԥстәылеи Приднестровиеи рхатарнакцәа", — иҳәеит Кәарҷиа.

© Sputnik / Томас ТхайцукДень ВДВ в Сухуме
День ВДВ в Сухуме - Sputnik Аҧсны
День ВДВ в Сухуме

Иара, Амиран Кәарҷиа ихаҭа аррамаҵзура дахысуан Мрагылара Хараҿы (Дальний Восток).

1992 шықәса, хәажәкырамзазы, Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра ианалага Амиран Кәарҷиеи иҩызцәа аҽа 26-ҩыки злаз агәыԥ хатәгәаԥхарала уахь инеиит.

Аҳаир-десанттә ар рныҳәамш Урыстәыла иазгәарҭоит нанҳәамза 2 рзы.

© Sputnik / Томас ТхайцукДень ВДВ в Сухуме
День ВДВ в Сухуме - Sputnik Аҧсны
День ВДВ в Сухуме

Ажәабжьқәа зегьы
0