АҶА аусзуҩцәа аԥжәараан аахақәа роуит

© Фото : Рустам ЧочуаАҶА аусзуҩцәа аԥжәараан аахақәа роуит
АҶА аусзуҩцәа аԥжәараан аахақәа роуит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахақәа зауз АҶА аусзуҩцәа ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп, урҭ рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам

АҞӘА, нанҳәа 3 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Приморское ақыҭан аҭыԥ змаз аԥжәарақәа раан Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистра аусзуҩцәа ԥшьҩык аахақәа роуит ҳәа адырра ҟаиҵеит АҶА апресс-маӡаныҟәга Мизан Ломиа.

Амцакра ҟалеит ҳәа адырра ҟалеит нанҳәа 2 асааҭ 16.30 рзы. Иаразнакы аҭыԥ ахь абригада амҩа иқәлеит. Аԥжәара ахьыҟалаз аус руан 60-ҩык аиқәырхаҩцәеи, амцарцәагатә машьынақәа 11, асапиортә машьынеи.

"Аԥхьа аминиорцәа агәаҭарақәа мҩаԥыргар акәын. Иалшон иԥымжәацыз аминақәа аанханы иҟазар", — иҳәоит Ломиа.

АҶА аусзуҩцәа аԥжәараан аахақәа роуит. Аахақәа зауз ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп, урҭ рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам.

Ажәабжьқәа зегьы
0