Москваа амза "атыҩ ишакуа" рбоит нанхәа 7 рзы

© Sputnik / РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМоскваа амза "атыҩ ишакуа" рбоит нанхәа 7 рзы
Москваа амза атыҩ ишакуа рбоит нанхәа 7 рзы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва амза "атыҩ ишакуа" убар алшоит ашәахьа ауха, асааҭ 20:24 инаркны 22:19 рҟынӡа. Ҩ-сааҭк ирылагӡаны амза адгьыл ашәшьыра аҩадатәи аган аҽавакны имҩасуеит

АҞӘА, нанҳәа 4 — Sputnik. Москваа ироуеит алшара нанҳәа 7 рзы амза "атыҩ ишакуа" рбарц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Москва амза атыҩ ишакуа убар алшоит ашәахьауха, асааҭ 20:24 инаркны 22:19 рҟынӡа. Ҩ-сааҭк ирылагӡаны амза адгьыл ашәшьыра аҩадатәи аган аҽавакны имҩасуеит. Убысҟан амза аԥшшәы аԥсахуеит, амзашьы "ашьаарҵәыра мза" ҳәа азырҳәоит", ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҟны.

Адырраҭараҿы иара убасгьы иазгәаҭоуп Москватәи апланетарии аҟынтәи асааҭ 20:00 — 23:00 рзы ашьклаԥшра алшоит ҳәа. Иара убасгьы рбара алшоит абри аамҭазы еиҳа иааигәаны иубо иҟало апланетақәа Сатурни Иупитери.

Ажьырныҳәа 31 2018 шықәса рзы абара алшоит еиҭахгьы абри ахҭыс. Усҟан амза инагӡаӡаны атыҩ иакуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0