Арратә база аррамаҵзурауаа ахысратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© Sputnik Илона Хварцкия / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрратә база аррамаҵзурауаа ахысратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит
Арратә база аррамаҵзурауаа ахысратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә база аррамаҵзурауаа ахысратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

АҞӘА, нанҳәа 7 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә база амотохысратә ҟәша аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵаратә хысрақәа мҩаԥыргеит аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны. Абри атәы аанацҳаит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ Апресс-маҵзура.

Ауснагӡатәқәа рыҽрыладырхәит 1000-ҩык аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 100 рҟынӡа арратә техника, агранатаршәгақәа РПГ-7В, абронетранспартиорқәа БТР-82АМ, БТР-80, икәлаӡырку автомашьынақәа КамАЗ "Мустанг", артиллериатә гаубицақәа Д-30 (122-мм) апулемиотқәа "Печенег" автоматқәа АК-74 ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Ахысрақәа мҩаԥысуан 1000 метра ахьыбжьаз аҟынтәи. Аррамаҵзурауаа инырхит 80 000 цыра ахи-ахәшәи. 50% рҟынӡа ахысратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган уахынланы, арратә техника иақәгылоу уахынлатәи абаратә мыругақәа рхархәарала.

Ауснагӡатәқәа рыҽрыладырхәит 1000-ҩык аррамаҵзурауаа, урҭ рҟынтәи 40% рҟынӡа ҿыц аррахь инарыԥхьаз роуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0