Аӡбара анагӡаҩцәа аус рацәа раԥхьа ишьҭоуп

CC0 / / Архивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аӡбара анагӡаҩцәа русура хацдыркит 2017 шықәса, лаҵарамзазы. Иахьа ауалқәа ирызку 90% рҟынӡа зҵаара амаҵзура ахала иаӡбоит

АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Амаҵзура аусура иалагеижьҭеи ҩ-нызқь инареиҳаны ауал зқәу рганахьала ус рзынарышьҭхьеит, ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Сандро Гадлиа.

"Аиҳарак уи кридитортә уалуп, аштрафқәеи алимитқәеи рымшәара иахҟьаз уалуп. Аҟәа ақалақь иахьаҵанакуа мацара акредиттә уалқәа ишьақәдыртәоит 293 миллион мааҭ. Иахьазы анагӡаҩцәа шәкы инареиҳаны ус ирыхәаԥшхьеит", — иҳәеит Гадлиа.

Аԥсны аӡбара анагӡаҩ хада ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, 2017 шықәсазы ирыдыркылаз "Аԥсны аӡбара анагӡаҩцәа рзы"азакәан аӡбара анагӡаҩцәа рзинмчра арҭбаауеит.

Уажәы аӡбара анагӡаҩ илшоит ауаҩы ирбаандаҩра, иԥшаара рылаҳәара, административтә ҭакԥхықәра идҵара.

Азакәан аусура амчра аиуит ажьырныҳәа 1 2017 шықәса рзы, аусура иалагеит лаҵарамзазы. Иахьа амаҵзура аҿаԥхьа ишьҭоу аусқәа 90% рҟынӡа рыӡбра ахала имҩаԥнагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0