Путин: 2019 шықәса рҟынӡа аинвестициатә программа 6 миллиард мааҭ артәоит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фотосахьа
Архивтә фотосахьа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 8 рзы Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аԥсны усутә визитла даҭаан дыҟан

ПИЦУНДА, нанҳәа 9 — Sputnik. Нанҳәа 8 рзы Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аԥсны усутә визитла даҭаан дыҟан. Уи ара иҟазаараан иазгәеиҭеит 2017-2019шш. рзы аинвестициатә программала имҩаԥго аԥаразоужьра 6 миллиард мааҭ артәоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Урыстәыла ԥхьаҟагьы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара анаҭалоит, ашәарҭадара ахьчалоит, иалшо ала аполитикатә дгылара азнауеит", — иҳәеит Путин аиҿцәажәарақәа рылкаақәа рылацәажәараан.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аиԥылараан азхьаԥшра ду шаҭаз Аԥсны хра злоу аекономика зманы иҟоу ҳәынҭқарраны ашьақәгылара азҵаара.

"Атәыла аҿиара иазырхоуп аинвестпрограмма. 2017-2019шш. рзы аинвестициатә программала имҩаԥго аԥаразоужьра 6 миллиард мааҭ артәоит", — иҳәеит иара.

Путин иазгәеиҭеит иара убасгьы ажьырныҳәа-хәажәкыра мзақәа рзы атәылақәа рыбжьара атауареикәыршара 6,5% рыла иацлеит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0