Аҭоурыхдырыҩ: Қырҭтәыла ԥхынгәытәи аиқәшаҳаҭрақәа еиланагон

© Sputnik / Томас Тхайцукаҭоурыхдырыҩ Аслан Аҩӡба
аҭоурыхдырыҩ Аслан Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1993 шықәса, нанҳәа 9 рзы Владислав Арӡынба Борис Ельцини Бутрос Гали ашәҟәы рзишьҭуеит. Уа иаирбоит ақырҭуа ган Шәачатәи Аиқәшаҳаҭра хырыҩ шазыруа: аԥсуа позициақәа реихсра ишаҟәымҵуа, ари, аџьаԥҳани, атехникеи ралгара аҿҳәарақәа шахдырԥо. Абри атәы ҳзеиҭеиҳәоит аҭоурыхдырыҩ Аслан Аҩӡба.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

1993 шықәса, нанҳәа 9 рзы Владислав Арӡынба Борис Ельцини Бутрос Гали ирзишьҭыз ашәҟәы аӡбахә далацәажәаанӡа Аслан Аҩӡба дахцәажәеит ԥхынгәымзазы Шәача ақалақь аҟны анапы зҵаҩыз Аиқәшаҳаҭра.

1993 шықәса ԥхынгәы 27 рзы Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын, иара анагӡара хәдықәҵара азнауан Урыстәылатәи Афедерациа. Аиқәшаҳаҭраҟны иарбан аибашьра аанкылатәуп, Аԥсны азакәан мчрақәа рҭыԥ ахь ирхынҳәтәуп ҳәа.

"Ишаадыруеиԥш аибашьра цаноҵы иакымкәа-иҩбамкәа аиқәшаҳаҭрақәа анапы рыҵаҩын, аха ԥхынгәымзатәи аиқәшаҳаҭраҟны ауп ақырҭуа ган раԥхьаӡа акәны иара агрессорны ишыҟоу азы аҿа ахьақәшаҳаҭхаз, иара арратә мчрақәагьы Аԥсны иалганы Аԥсны азакәантә мчрақәа рышьҭахьҟа иргьыжьтәуп ҳәа иҳәаз иахьақәшаҳаҭхаз", — иҳәоит Аҩӡба.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны ишьақәыргылан 10-15 мшы рыҩныҵҟа Аԥснытәи амчрақәа Аҟәаҟа ихынҳәыроуп ҳәа.

"Аха ишԥахынҳәыр акәыз? Ақырҭцәа Аҟәа иҟанаҵы урҭ арахь изыхынҳәуамызт. Ақырҭуа рыр ракәзар, Аҟәа, Аԥсны ааныжьра рыгәҭакымызт", — иҳәоит Аҩӡба.

Аҩӡба иажәақәа рыла Мрагыларатәи афронт аҟны ақырҭцәа рпозициақәа зынӡаскгьы рҭыԥ иахырымгеит, Гәымсҭатәи афронт аҟынтә акәзар, иажәыз, иԥҽыз атехникоуп иалыргаз, аруаа ракәзар, аграждан маҭәа рышәҵаны иаақәдыргылеит.

"Асеиԥш руан ахылаԥшраз акомиссиа шыҟазгьы. Уи еидҵоу акомиссиа ҳәа хьӡыс иаман. Урыстәылатәи ахәҭа напхгара аиҭон Сергеи Шоигу. Акомиссиа нанҳәа 3 рзы аусура иалагахьан. Нанҳәа 4, 5, 6, 7 рзы атехникатәи аиҿкааратәи зҵаарақәа ракәын ирыӡбоз. Ус, нанҳәа 8 рзы ақырҭуа ган аиҿцәажәарақәа ҳаҽрылаҳархәуам рҳәеит. Уи азы мзызқәак рыԥшааит. Еилкаан ар ралгара шыргәиҭамыз".

Абри инадҳәаланы нанҳәа 9 1993 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Борис Ельцини ООН амаӡаныҟәгаҩ Хада Бутросу Гали рахь ашәҟәы ишьҭит.

"Ашәҟәаҟны иныҭкааны иарбан иҟаз аҭагылазаашьа. Иҵаҵӷәыркны иаарԥшын ақырҭуа ган аиқәшаҳаҭра анагӡара агәы ишҭамыз. Ашәҟәы ззиҩыз рзы иҿыцу акгьы имҳәазаргьы, урҭ идырбан аԥсуаа ас рызныҟәара шыҟамлоз. Уи адагьы уи иаанагоз "шәара хәдықәҵара ззыжәуа аус еиҵарҟьоит, уи иаанаго шәаргьы шәыҳаҭыр рбом акәын".

Владислав Арӡынба абри ишәҟәы аҭак ҳәа акгьы ҟамлеит Ельцин иҟынтә аума Гали иҟынтә аума.

"Абра иҳәатәуп ООН Арӡынба инашьҭымҭақәа рацәак хьаа шрырымҭоз, аха Урыстәыла ус азыҟаҵомызт. Урыстәыла ҵакырала Аԥсны иаԥнуп, уи адагьы иара ахатәы интересқәагьы аман. Абри ашәҟәы ашьҭахь еиҳа ирацәахеит х-ганктәи акомиссиа аиԥыларақәа. Иаԥырҵеит х-ганктәи апресс-центр. Рыӡбрақәагьы ӡырырго иалагеит" — иҳәеит аҭоурыхдырыҩ.

1993 шықәса, нанҳәа 9 рзы Владислав Арӡынба Борису Ельцини Бутрос Гали ашәҟәы рзишьҭуеит. Уа иаирбоит ақырҭуа ган Шәачатәи Аиқәшаҳаҭра хырыҩ шазыруа: аԥсуа позициақәа рехсра ишаҟәымҵуа, ари аџьаԥҳани, атехникеи ралгара аҿҳәарақәа шахдырԥо.

Ажәабжьқәа зегьы
0