Аԥсны Шьамтәылаҟа агуманитартә цхыраара нанашьҭит

© пресс-служба МИД АбхазииАԥсны Шьамтәылаҟа агуманитартә цхыраара нанашьҭит
Аԥсны Шьамтәылаҟа агуманитартә цхыраара нанашьҭит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аилаки раԥшьгарала Шьамтәылатәи Арабтә Республикахь гуманитартә цхыраагӡак аҳасаб ала 12 тонна аӡыржәтә рышьҭит.

АҞӘА, нанҳәа 11 – Sputnik. Аԥсны Шьамтәылатәи Арабтә Республикахь гуманитартә цхыраагӡак аҳасаб ала 12 тонна аӡыржәтә рышьҭит. Аӡы амҩангараан ацхыраара руеит Аԥсны Аҳәынҭқарра арратә мчрақәа рштаб хадеи Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрреи.

Еихшаны аԥаҭлыкақәа ирҭоу, иреиҳаӡоу ахаҭабзиара змоу аӡыржәтә "Кәыдры" Аԥсны Гәылрыԥшь араион аҟны иҵыҵуеит.

"Иахьатәи аамҭазы иҟоу аҭагылазаашьа иахҟьаны Шьамтәыла 5 миллионк рҟынӡа ауааԥсыра ишырҭаху аӡыржәтә цқьа роуа иҟам. Аибашьра ахҟьа-ԥҟьақәа ирыхҟьаны ирхәашоуп аӡымҩангагақәа", ҳәа аанацҳауеит аминистрра.

Шьамтәыла инхо аԥсуа диаспора реиҳараҩык Шьамтәыла ажәлар ирыхәҭаку ракәны жәларбжьаратәи атерроризм иаҿагыланы еибашьуеит, ҳәа азгәарҭеит Адәныҟаполитикатә усбарҭаҟны.

Аԥсны уаанӡагьы агуманитартә цхыраара мҩаԥнагон. Убас, 2014 шықәса ԥхынҷкәынмзазы ДНР, ЛНР рахь ареспубликаҟынтә агуманитартә кануеи шьҭын. 2015 шықәса рзы гуманитартә акциак аҳасабала Донецктәи ахәыҷқәа Аԥсны рыԥсы ршьон.

Ажәабжьқәа зегьы
0