Астолтә ԥқьаҭымпыл азы атурнир хацыркхеит Аҟәа

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАстолтә ԥқьаҭымпыл азы атурнир хацыркхеит Аҟәа
Астолтә ԥқьаҭымпыл азы атурнир хацыркхеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Омар Кәарҷиа игәалашәара иазку астолтә ԥқьаҭымпыл азы атурнир мҩаԥыргоижьҭеит 10 шықәса ҵуеит.

АҞӘА, нанҳәа 11 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Омар Кәарҷиа игәалашәара иазку астолтә ԥқьаҭымпыл азы атурнир мҩаԥыргоижьҭеит 10 шықәса ҵуеит. Нанҳәа 10 рзы Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҟны иалагеит атурнир актәи амш.

"Сынтәа атурнир рҽаладырхәырц Аԥсныҟа иааиит Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла Аладатәи ахәҭа, москва, Санкт-Петербург рҟынтәи аԥқьаҭмпыл асыҩцәа. Иахьа еиԥылараны иҟоуп 12 шықәса зхыҵу ахәыҷқәа, уаҵәы – 15 шықәса зхыҵуа, егьырҭ аҩымшк рзы еиқәшәоит адуцәа, атурнир ахыркәшамҭаз еиԥылоит зылшара ԥку", ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит Аԥсны астолтә ԥқьаҭымпыл азы Афедерациа апрезидент Беслан Қарчаа.

Атурнир иалахәуп имаҷымкәа аԥсуа спортсменцәа. Аԥснытәи акоманда азыҟаҵаҩ акыр длықәгәыӷуеит аԥқьаҭасыҩ Ерика Кәарҷиаԥҳа.

Ерика Самара аолимпиатә резерв ашкол дҭоуп. Лара уажәы Урыстәыла еизгоу ақәыԥшцәа ркоманда далан дықәгылоит. Урыстәыла ачемпионат аҟны аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит.

Беслан Қарчаа Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Ԥшьышықәса ҵуеит астолтә ԥқьаҭасра снапы алакуижьҭеи. Ҩышықәса ара, Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа сырҿын. Уажәы Самара сыҟоуп. Атурнир саб иашьа игәалашәара иазкуп. Уи сара сзы аҵак ду аманы иҟоуп", — лҳәоит Ерика.

Омар Кәарҷиа – Аԥсны астолтә ԥқьаҭымпыл азы Афедерациа раԥхьатәи ахада игәалашәара иазкны есышықәса имҩаԥыргоит атурнирқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0