Ицхаԥшшәылоу нанҳәа

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшьхааӡареи ацха аизгашьеи
Ашьхааӡареи ацха аизгашьеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа қыҭа Лыхны дынхоит акыр шықәса ашьхааӡара знапы алаку анхаҩы Нурбеи Шьаҟрыл. Иԥсҭазаарагьы абри аус ада иҭацәушәа ибоит. Ашьхааӡареи ацха аизгашьеи ртәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит.

Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа.

Нурбеи Шьаҟрыл ашьхааӡара нап алеикит асовет аамҭақәа рзы, ҩынҩажәижәаба шықәса раԥхьа.

"Сара усҟан сҿан. Ашьхаҭрақәа схала иҟасҵон. 30 инареиҳаны иҟан сышьхагәараҿ. Уажәы акыр еиҵоуп. Сымчқәа азхом" — иҳәоит иара.

Нурбеи ҳнеиԥхьоит ишьхагәарахь. Ажь, амышмула, ахьа, алакациа ҵла дуқәа иахьрызҳауа ирылагылоуп ашьхаҭрақәа. Еилаӡҩо афҩы хааӡа улахаҵ аргьыжьуеит.

Аҳауаҿ еилаԥыруеит ашьхыцқәа — ахьчаҩцәа.

"Ишәмыцҳааит, шәгәы шәҽаныз" — иҳәоит ашьхааӡаҩ.

"Ахьчаҩцәа" ҳәа изышьҭоу ашьхыцқәа еснагь ргәы рҽануп. Дара ашьхымӡаҭра рыхьчоит. Ашьхааӡаҩ иажәақәа рыла ауаҩ шәарҭара иламзаргьы ицҳар рылшоит.

"Дара ртәала ушәарҭоушәа рбазар – иуцҳауеит. Иара убасгьы мышқәак рзы рааигәа умнеиӡар еиӷьуп. Иаҳҳәап амш цәгьазар, ашьхымзаҭра ааигәа анеира иаԥсам. Ашьхақәа акыр ргәы рҽануп, алеишәацәгьарагьы аадырԥшуеит. Амш аныбзиоу, амра аныԥхоу иҭынчӡа рхы мҩаԥыргоит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Шьаҟрыл.

50 шықәса рыҩныҵҟа ҳәарада ашьхыцқәа изныкымкәа рыԥшәма ицҳахьеит. Иҟан рҽеизакны ианиқәлозгьы.

"Хԥа-ԥшьба шьха знык ала еицуцҳар, еиҳагьы ихәшәуп, аха ашьхарацәа еиуцҳар, акыр ишәарҭоуп. Амедицинатә цхыраарагьы уҭаххар ауеит. Ҵыԥхцәа, ацха анысыԥшуаз аамҭаз жәабаҟа шьха сыцҳаит. Ахәышәтәырҭаҟынӡагьы снанагеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

© Sputnik / Сария КварацхелияМедовый август: тонкости пасеки
Медовый август: тонкости пасеки - Sputnik Аҧсны
Медовый август: тонкости пасеки

Ашьхааӡаҩ днаҳаԥызан шьхымӡак ахы аартны, шәарак аамырԥшуа ацха зхьыкәкәоз арама ааҭигоит.

— Уажәыҵәҟьа ацха рацәам, ааигәа иҳаԥшит. Усҟан ауп ацха рацәаны ианыҟоу – иҳәоит ашьхааӡаҩ.

Ахҩа ааркны ашьхымӡақәа илаԥш аарыхганы дҳазҵаауеит:

— Ишәҭахума ашьхақәа ацха шыҟарҵо шәзеиҭасҳәар?

Ҳара уи ҳшазыԥшу аниҳардырлак иажәабжь дналагоит:

"Абарҭ ашьхымӡақәа рыблаҭақәа рҟны ашьхыцқәа еизыргаз амати еидыркылоит. Аԥсуа шьха, иҷыдоу шьхоуп. Аԥынҵа акыр иаууп. Убри азы амати еиҳа ирацәаны, иарбан шәҭызаалак аҟынтә еизыргоит. Амати ӡҩоит. Убри ауп ацхагьы. Нас аблаҭақәа цәала иршьыхуеит. Аблаҭа цәала ианшьыхха ашьҭахь ацха аԥшрагьы ҟалоит" — иҳәоит Шьаҟрыл.

Иара ишеиҭеиҳәо ала лаҵарамзатәи ацха егьырҭ иаарылукаартә ихаахоит. Ааԥынразы аԥсабара зегь шәҭуеит. Ашьхақәагьы амати еиуеиԥшым ашәҭқәа, аҵиаақәа, аҵлақәа ирылырцәыцәаауеит.

"Нанҳәатәи ацха лаҵарамзатәи еицәам. Сара схаҭа еиҳагьы уи ацха бзиа избоит" — иҳәоит ашьхааӡаҩ.

Ашьхаӡаҩ игәы иалоуп ацха шырыԥшуа ахьиҳазмырбо.

"Мчыбжьык аԥхьа шәаазҭгьы шәылала ижәбон зегьы. Аҳареи абареи еиԥшым" — иҳәоит Нурбеи.

Абарҭқәа рышьҭахь ашьхааӡаҩ еизаку ацха ҳирбоит. Аҩнду инацәхыкны игылоу ахыбра иагьыҩцароуп иагькҿыҩроуп. Акҿыҩраҿы еивахха игылоуп ацха зҭоу абанка дуқәа.

"Сынтәа ацха рацәамхеит, аха уи ахаҭабзиара иаԥырхагам", — иҳәоит аԥшәма.

© Sputnik Сария КварацхелияМедовый август: тонкости пасеки
Медовый август: тонкости пасеки - Sputnik Аҧсны
Медовый август: тонкости пасеки

Ақыҭанхаҩ ашьхааӡара адагьы анхамҩа ду инапы алакуп: арахә рацәа изануп, аҟәыд, аԥш уҳәа ашықәсантәи игәыхә ааирыхуеит, ашәырбаҳча ду имоуп, иӡахәаҭра улаԥш ахьӡом.

"Сара аџьа абзиабара ашьхақәа ирҿысҵааит. Урҭ ашәымҭакгьы усда итәашам", — иҳәоит ашьхааӡаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0