Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҿар Аԥсныҟа иаауеит

© © Sputnik / Руслан Тадтаев Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҿар Аԥсныҟа иаауеит
Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҿар Аԥсныҟа иаауеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәылатәи ашколхәыҷқәеи акадетцәеи Аԥсны арра-патриоттә лагер рҽаладырхәырц амҩа иқәлеит.

АҞӘА, нанҳәа 16 — Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәылатәи ашколхәыҷқәеи акадетцәеи Аԥсны арра-патриоттә лагер рҽаладырхәырц амҩа иқәлеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия. Алагер иалахәхоит Урыстәыла, Ермантәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рҿар. Алагер аусура мҩаԥысуеит нанҳәа 15-29 рзы.

Аахыҵ Уаԥстәылантәи Аԥсныҟа иаараны иҟоуп 64-ҩык ашколхәыҷқәеи акадетцәеи, урҭ рхылаԥшразы ирыцуп фҩык.

"Алагер хықәкы хаданы иамоуп гәабзиарала изҩыдоу, аспорт бзиа избо аԥсадгьыл ахьчаҩцәа реиҵааӡара. Ари арратә ԥсҭазаара азыҟаҵароуп иззырхоу. Ҩымчыбжьа рыҩныҵҟа алагер аус ауеит. Ашьыжь асааҭ фба рзы игылоит, абаҩырҵәыра мҩаԥыргоит, нас еиуеиԥшым аҽазыҟаҵарақәа ирылагоит. Арратә топографиа, арратә медицина, еиуеиԥшым атренингқәа, Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аныҟәарақәа – абарҭ зегьы алагер апрограмма иалоуп" — лҳәоит амилициа аполковник Лонда Коблова.

Аԥсныҟа амҩа иқәло аҿар рхы ргәы ақәыбзианы иҟоуп.

"Ҳгәы хыҭхыҭуа амҩа ақәлара амш ҳазыԥшын. Заԥхьаҟа арра аус знапы алазкырц зҭаху рзы алагер зыҟаҵарҭа бзианы иҟоуп. Ҳамчқәа ԥаҳшәартә аҭагылазаашьа ҳауеит, аҩызцәа ҿыцқәагьы ҳарҳашт" — рҳәеит ашкол "Альбион" аҵаҩцәа Софиа Џьиџьоевеи Мариа Хачировеи.

Аԥсны имҩаԥысуа арра-патриоттә лагер иалахәхоит Урыстәыла, Ермантәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рҿар. Алагер аусура мҩаԥысуеит нанҳәа 15-29 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0