Аҟәа имҩаԥысит аԥшӡареи аҟазареи рфестиваль

© Sputnik / Томас Тхайцукаԥшӡареи аҟазареи рфестиваль "Королева Абхазии" "Мини мисс Абхазия"
аԥшӡареи аҟазареи рфестиваль Королева Абхазии  Мини мисс Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәса Аҟәа имҩаԥысуеит аԥшӡареи аҟазареи рфестиваль "Королева Абхазии" "Мини мисс Абхазия". Акультуратә фонд "L-star" имҩаԥнаго афестиваль сынтәа имҩаԥысит нанҳәа 16 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 17– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. "Королева Абхазии – 2017" ҳәа рыхьӡ рҳәеит жәаҩык аҭыԥҳацәа. Аиндаҭлара арегламент ԥсахны асеиԥш аӡбра лыдылкылеит  акультуратә фонд "L-star" аиҳабы Лали Сыҷынааԥҳа. Усеиԥш аӡбра адҳәалахеит афестиваль ахьиубилеитәыз, ишьаҭаркуижьҭеи жәашықәса ахьҵыз азы.

Лана Хәырхәмалԥҳа, Сабрина Пкьынԥҳа, Николь Џьопуаԥҳа, Сарида Ҵәыџьԥҳа, Саида Бзаркалԥҳа, Лика Конџьариаԥҳа, Анастасиа Пали, Асҭанда Зыхәԥҳа, Амина Ҳаџьымԥҳа, Анастасиа Ҵулукьиаԥҳа – абар агәыргьын иаԥсахаз рсиа.

Иара убасгьы  15-ҩык алахәыла қәыԥшцәа  — Есениа Быҭәԥҳа, Ирена Чытанааԥҳа, Ева Џьабелиа, Адель Чамагәуаԥҳа, Мариа Ҭарԥҳа, Амина Барцыцԥҳа, Нариа Нанԥҳа, Емилиа Габелиа, Раиана Кәыҵниаԥҳа, Алиса Быҭәԥҳа, Аманда Цкәуаԥҳа, Салима Багаԥшьԥҳа, Анастасиа Жунгина, Сариа Нанԥҳа, Ирена Сымсымԥҳа "Мини мисс Абхазия – 2017" ҳәа ахьӡ иаԥсахеит.

Абри аныҳәмш ауха агәыргьынқәа ранашьахеит Лали Сыҷынааԥҳа аханатә илывагылаз, аиндаҭларақәа реиҿкаара иалахәыз: арежиссиорцәа, ақәыргылаҩцәа, аԥсихолог, адекоратор, адизаинерцәа.

Лали Сыҷынааԥҳа алаҳәара ҟалҵеит ҽааны аиндаҭлара  "Королева Абхазии – 2018" иалахәхар шрылшо 25 шықәса инаркны еиҳангьы изхыҵуа Аԥснытәи аҭыԥҳацәеи аҳәсақәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0