Аллиаҭин Ашәба: аԥсадгьыл иацу ахьаагара ҳазшаз ишәимырбааит

© Аллиаҭин Ашәба
Аллиаҭин Ашәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аллиаҭин Ашәба, дынхоит Ҭырқәтәыла, Есқьишьеҳир ақалақь аҟны. Иабшьҭреи, иԥсадгьыл ахь игәҭахәыцрақәеи дырзааҭгылоит ҳаиҿцәажәараҟны.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

"Сара сабшьҭра, Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара анрықәшәа, Аԥснынтә, Џьгьарда ақыҭа аҟынтә ицеит. Аԥсны инхоз сабду иаб Ҳанышә ихьӡын. Сабду иаҳәшьа ҩыџьа лашьцәа еиҵбацәа лыманы дааит. Аӡәы Маҳмиҭ ихьӡын, егьи Бадала ихьӡын. Урҭ жәаҩа, жәохә шықәса рхыҵуаны иааит. Ҳанышә уа дынхеит, ахәыҷқәа ҩыџьа раҳәшьеиҳаб илыманы аҭырқәа идгьыл ахь иааит. Ҭагәын Ашәԥҳа, Ҟалыч Мысҭафа диццеит, уи ззысҳәо Аԥснынтә иааз сабду иаҳәшьа лоуп. Ҭашьқьеԥур ҳәа иахьашьҭоу ақыҭаҿы итәеит, аԥсышәала еиҭаҳгозар ақыҭа аҳьӡ, "Ахаҳә цҳа" ауп иаанаго. Уи ақыҭа лар лоуп ишьақәзыргылаз. Уа уажәы ҳанхаӡом, аха ҳҭыԥқәа аанханы иҟоуп, Ашәы- Нхыҵ ҳәа ҳашьҭоуп"-аҭоурых дагәыланахаланы дҳацәажәон Аллиаҭин.

Назми Лазба, ихыҵуеит 90 шықәса, дынхоит Ҭырқәтәыла. - Sputnik Аҧсны
Назми Лазба: аԥсуа дахьаԥсыуаҵәҟьоу Аԥсноуп

Аллиаҭин излаиҳәо ала, Есқьишьеҳир инхо аԥсуаа рхыԥхьаӡара маҷым, раԥсуара изларыднаҵо ала рхы ныҟәыргоит, аха уи тәымџьароуп. Атәым дгьыли аԥсадгьыли ргьама хазхазуп.

"Сара сабду Маҳмиҭ ихьӡын. 12шықәса ихыҵуаны дааит Аԥснынтә. Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны инхо Ашәаа рацәаҩуп. Џьгьардеи Ӷәадеи ақыҭақәа еивоуп. Есқьишьеҳир инхо ԥшьҭаацәарак Ашәаа ҳаҟоуп. Сара саб ара диит, Ҳасан ихьӡын. Ҳасан фҩык ахшара ҳиааӡеит. Сареи, хәҩык саҳәшьцәеи ҳаҟоуп. Ҳазегьы иреиҳау аҵараиурҭақәа ҳрылгахьеит. Сара занааҭла сырҵаҩуп. Сан, Алынџьа захьӡу ақыҭа деиуан, д-Аҳәԥҳан, Маалие лыхьӡын. Есқьишьеҳир инхо Аҳәаа ракәзар, егьырацәам, ҩҭаацәарак роуп иҟоу. Сара исҳәо аԥсшәа аҵара ахьсылшаз ақыҭаҿоуп. Сара санхәыҷыз аҭырқәшәа егьсыздыруамызт, аҭырқәа ишкол ахь ҳанца ауп ианаҳҵа. Ҳара ҳхәыҷқәа ас ҳара ҳаиԥш аԥсшәа егьрыздырам, уи рыцҳароуп. Сара ҩыџьа ахшара сымоуп. 25 шықәса зхыҵуа сԥа, Сҭампыл ус иуеит аргылара аганахь ала, аҭыԥҳагьы алицеи аҟны аҵара лҵоит макьана", — ҳәа азгәеиҭеит Аллиаҭин Ашәба.

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рмилаҭтә хдырра ҳаракуп. Уи еицамкырц азы аиқәырхара иашьҭоуп.

"Есқьишьеҳир инхо аԥсуаа, акыр шықәса раахыс еиҿкааны иҳамоуп аԥсуаа ҳхеидкыла, акультуратә дернеқь ҳәа изышьҭоу. Уа ҳмилаҭ аҷыдарақәа ҳцәымӡырц азы аусқәа наҳагӡоит. Аҿар бзиа ибаны инеиуеит. Аиҳабацәа аҿар ҳрылабжьоит, ираҳҳәоит иахьыҟазаалакгьы дара шаԥсацәоу, ԥсыуаҵасла рхы ныҟәыргалар шакәу. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага арантә аԥсадгьыл ахьчара инеиз арԥарцәа ыҟоуп. Ҳгәы рыладууп. Есқьишьеҳир еиуаны уа иҭахеит Баҳадыр Абаӷбеи, Зафер Аргәыни. Ус шаҟаҩы ршьа азкарҭәазеи ҳадгьыл хазына. Ирыхьчаз адгьыл аԥсуаа рыда ԥшәыма дамаиуааит. Аԥсадгьыл иацу ахьаагара закәу ҳдыруеит. Ҳаԥсуа бираҟ ҳаԥсадгьыл наунагӡа иахаԥырԥырлааит! Гәыхьк ҳмоуааит уахьгьы арахьгьы", — игәҭахықәа ҳзеиҭеиҳәон Аллиаҭин.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, иахьа зыԥсадгьыл аҿы инхо Емдаҭ Агәас - Sputnik Аҧсны
Емдаҭ Агәас: Цагера азааигәара сҩызцәеи сареи ҳаицәыӡит

Аллиаҭин Ашәба Аԥсныҟа даахьеит, аха акрааҵуеит. Уи аӡбахә даналацәажәо цәгьа игәы ԥшаауеит.

"Сара Аԥсны знык сцахьеит. Абыржәы ҳахьеицәажәо сгәы иҵалаӡеит, аиаша шәасҳәап. Уижьҭеи 25 шықәса ҵит уажәшьҭа. Анеира еснагь ҳгәы иҭоуп, сҭаацәеи сареи ҳаицнеирц сҭахуп. Сыԥшәмагььы Лацәышԥҳауп. Сыԥшәма лаб иаҳәшьа Лагәуаа дрымоуп. Аԥсныҟа ицахьеит, иаахьеит, ирбахьеит. Амҩақәа хтуп, аиҭанаиааира егьа иуадаҩзаргьы иалҳаршароуп. Еизҳауа ҳхәыҷкәеи уатәи аҿари еибабароуп, агәыбылра рыбжьалароуп, ҳамҩақәа рыҽдырҭбаароуп, уаҳа ԥсыхәа ҳамаӡам", — абас гәыӷра шәкы иманы дҳацәажәон Аллиаҭин Ашәба.

Ажәабжьқәа зегьы
0