Sputnik Аԥсны ауарӷантә музыка аконцерт адгылара анаҭоит

© Sputnik / Илона Хварцкияархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 21 рзы Пицунда имҩаԥысраны иҟоуп аклассикатә музыка аконцерт.

АҞӘА, нанҳәа 18– Sputnik Аԥсны апресс-маҵзура. Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны аԥшьбатәи агәыҳалалратә ауарӷантә музыка аконцерт адгылара анаҭоит информациатә партниорк аҳасаб ала.

Нанҳәа 21 рзы Пицунда имҩаԥысраны иҟоуп аклассикатә музыка аконцерт.

Аконцерт аҟны еизырго аԥара ахәыҷқәа рыхәышәтәра иазырхахоит. Аконцерт иалахәхоит Аԥсны жәлар рартистцәеи Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистцәеи: Нана Черқьезиаԥҳа (сопрано), Асида Шьакаиаԥҳа (сопрано), Лука Гаделиа (ауарӷан), Кристина Ешԥҳа (сопрано), Алла Оҭырԥҳа (афортепиано), Барас Кәыџба (афортепиано), Елмаз Чаилак (афортепиано), Армен Хачатуриан (абаритон), Марина Шамԥҳа (ауарӷан), Манана Шамԥҳа (сопрано).

Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Руслан Бганба: Sputnik Аԥсны агәахәара ду амоуп агәыҳалалратә концерт адгылара аиуртә еиԥш аҭагылазаашьа ахьамоу. Ҳара амч ҳнаҭоит ҳусура иарбанызаалак ԥсҭазаарак аиқәырхара алнаршартә иахьыҟалаз".

Иара убасгьы аконцерт иалагаанӡа асасцәа ирымоуп алшара Мариа Ԥлиаԥҳа лстудиаҟынтәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аҭаареи ацәашәҵатәы аколлекциа "Color of nation" абареи. Аконцерт аҟны еизырго аԥарақәа афонд хылаԥшра зызнауа ахәыҷқәа рыхәышәтәра иазырхахоит.

Sputnik (sputniknews.com) — жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои атәылақәа жәпакы рҟны амультимедиатәи аинформациатәи хабқәа амоуп. Sputnik ашҟа иаҵанакуеит асаитқәа, арадиодырраҭарақәа, амобилтә хархәагақәа, иара убас, асоциалтә каҭақәа рҟны адаҟьақәа. Анапаҵаҩцәа рзы Sputnik, англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла иҭыҵуеит.

Sputnik асаитқәа аԥхьаҩ идыргалоит: авидео, аинфографика, афоторепортаж, онлаин-ефирқәа, аинтернет-бжьыҭира. Аоперативтә жәабыжьқәа рыдагьы Sputnik иакьыԥхьуеит аналитикатә материалқәа, аексклиузив интервиуқәа.

Sputnik Аԥсны агәыҳалалратә фонд "Ашана" информациатә партниорс иазыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0