Диана Задеԥҳа: сандуи сабдуи Сариа Лакоба лзы ашәы ршәуп ҳәа, Аԥсны иахцан

© Фото : Архивное фотоҲақы Заде иҭаацәа
Ҳақы Заде иҭаацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сталини Бериеи имҩаԥыргоз аполитика иахырҟьаны, харада ахара рыдҵаны Аԥсны иахцан, иҭакын, ишьын, зықьҩыла аԥсуаа рхаҭарнакцәа. Усҟантәи аамҭа иаргәаҟит хәыҷи дуи. Иҟан ҭаацәала ишынеибаркыз, амаҷ иахырҟьаны Сибреи Абжьаратәи Азиеи уҳәа атәылаҿацәқәа рахь иахыргоз. Анаҩс ишәыдаагалоит Ҳақы Заде иҭоурых.

Аԥсны аҭоурых аҟны, аҭыԥ ҷыда анныркылоит арепрессиатә шықәсқәа. Иҟоуп иахьа уажәраанӡагьы, жәла-жәлала арҭ ашықәс еиқәаҵәақәа ирылаӡыз зыӡбахә дырым ауааԥсыра.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

1951 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан инхоз, унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз, шьҭрала иаҭырқәаз, аха аԥсуара злысхьаз Ҳақы Заде иԥшәмаԥҳәыс Лиуба Џьынџьалԥҳаи фҩык рыхшареи нарыдкыланы Ҟазахсҭанҟа иахыргеит.

Ԥыҭраамҭак анҵы, Сариа Лакоба лзы ашәы ршәын ҳәа, ахара шрыдырҵаз ақыҭа иаалаҩит, изаҳазгьы агәра ргеит, избанзар ларгьы шьҭрала даҭырқәан, дара ртәы дырџьабозаарын ааргәахәит…

Урыстәыла ареволиуциа ҟалаанӡа, Аԥсныи Ҭырқәтәылеи амшын Еиқәала ахәаахәҭра рыбжьан. Ус, аҭырқәа крыҭиҩы Мамеҭ Заде ари адгьыл ссир дыхнахит. Мгәыӡырхәа ақыҭан, амшын аԥшаҳәа азааигәара, аурыс ҭауад иҟны хьыла аҩны ихәҳаит.

Курорт Пицунда в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Лӡаа "ауыӷә" рхызхыз

Анаҩс, иԥшәмаԥҳәыс Емына Рамбадамбеи, иԥацәа Маџьыҭи, Ҳақи, Алии иԥҳацәа Шьазиеи Зақьиеи рмаҵуцәеи рааӡаҩцәеи нарыдкыланы, нхара даауеит Аԥсныҟа.

Мамеҭ иуацәеи иареи аимадара рыбжьан, еиҿцаалон. Ареволиуциа мышқәак шыбжьаз, ихәыҷқәа Алии Зақьиеи рааӡаҩ илыцҵаны, Анкараҟа ишьҭуеит.

Ашьҭахьтәи аҭоурыхтә хҭысқәа ирхырҟьаны, амшынтә ҳәаақәа аркхоит. Мамеҭ иԥеи иԥҳаи ицәыӡуеит…

Ҳақи, Маџьыҭи, Шьазиеи Аԥсны ирызҳаит. Аҭаацәарақәа аԥырҵеит.

Ҳақы, иаб игәараҭа дазынхеит, Мгәыӡырхәа ақыҭан аколнхараҿы аус иуан, агрономс даман. Иара Аԥсны ахыи аҵыхәи ашәыр аихаҳараҿы ицназгоз дыҟамызт. Лассы-лассы қыҭацыԥхьаӡа ааԥхьара ирҭон, аԥышәа имардон.

Излаилшоз ала иҭаацәа ныҟәигон. Дразын, изааигәаз дрыцхраауан акәымзар, аӡәгьы игәы нимырхацызт.

Аха арепрессиатә шықәсқәа раан, ацәгьа ҳәара мацара азырханы, НКВД аусзуҩцәа иааргәамԥхаз еимлагәа ирыманы ицон.

"Сариа Лакоба лзы ашәы ршәын", ҳәа зынӡа ихҭҳәаахаз ахара рыдҵаны, ашарԥазы, асааҭ хԥа реиԥш, Ҳақи Лиубеи рхәыҷқәеи рҿыханы, аиарҭа илганы, ирыхь рзымдыруа, ашҭа инҭыргоит. Ари аҭаацәара анаҩстәи рразҟы 66 шықәса рышьҭахь дазааҭгылеит рмоҭа Диана Задеԥҳа.

"Ар маҭәала еилаҳәаз гәыԥҩык ахацәа, ахәыҷқәа рыҵәаабжьгьы хьаас имкыкәа, рымахцә ианкны индәылыргеит. Усҟан аӡӷаб аиҳабы 13 шықәса ракәын илхыҵуаз, аиҵбы жәамз. Рышьҭыбжь заҳаз агәылацәа еизеит, аха ирыцхраагәышьодаз", — лҳәоит амоҭа.

Хәыҷи дуи Драндаҟа иргеит. Адырҩаҽны, аешелон инақәыртәаны Ҟазахсҭанҟа идәықәырҵеит.

"Мчыбжьык амҩа иқәын. Ани аби рылаӷырӡ рыхшара идмырбакәа ргәы иҭаҵәыуо, ирԥеиԥшу рзымдыруа, дгьыл наӡарак инеит", — лажәабжь иацылҵоит Диана Задеԥҳа.

Александр Гагәылиа - Sputnik Аҧсны
Лыхни Берлини згәы иҭамкәа еимаздаз Александр Гагәылиа, ма патреҭк аҭоурых

Ҳақы иҭаацәа, адәыӷба аанҿасырҭаҟны џьоукы рԥылеит, ирыманы қыҭак ахь ицеит. Араҟа ирацәаҩны инхон Аԥсны иахцаз аԥсуааи, аерманцәеи, абырзенцәеи.

Зыргылара хырқәшамыз, анышәаԥшь иалхыз, зыҭуанқәа лаҟәыз, здашьма абамба (хлопок) амахәқәа рыла ихҟьаз ҩын хәыҷык иныҩнарҵеит.

"Араҟа абзазара ашьақәыргылара даара иуадаҩын. Ааҩык ауааԥсыра рыла ишьақәгылаз аҭаацәара ракәым, ҩыџьа рзгьы иҭшәахар ҟаларын. Лиуба ахәыҷқәа ахьҭеи амлеи иасмыркып ҳәа, иахьа хәлаанӡа, тәамҩахә ҟамҵакәа абамба амахәқәа ҟәшәаны амца еиқәылҵон, афатә ҟалҵон. Ишыжәдыруа еиԥш абамба иаразнак ибылуан. Уажәшьҭа шәара шәазхәыц, шаҟа ҟәшәатәыз",— ландуи лабдуи рҭоурых далацәажәоит амоҭа.

Ҳақы аҭыԥантәи ахацәа данрабадыр, еилыркааит ақыҭанхамҩа дшазҟазаз. Иаразнакгьы иӡбахә аколнхара ахантәаҩы иарҳәеит.

"Сабду аколнхараҿы аусура далагеит. Аспециалист иаҳасабала ихә ҳаракны иршьеит. Убри аҟынтә, иҭаацәа еиҳа еиҿкааз, даҽа нхарҭа ҭыԥк ахь ииаргеит", — лҳәеит Диана.

Ҳақы иԥҳаиҳабы Клава, лаб иеиԥш бзиа илбон ашәаԥыџьаԥ. Лықәра шмаҷызгьы, апарк аҟны аусуразы азин лырҭоит, лнапы ианырҵоит ашәҭқәа рхылаԥшра. Задеаа рҭаацәара ирулак, атәым дгьыл аҟны аԥсҭазаара рҽадыршьццылеит, ауадаҩрақәа ириааиуа.

Зегь раасҭа, ирцәыхьанҭахеит есыҽны 7-8 километр ианысны аӡы аагара.

"Ҽнак зны, сандуи сабдуи рхәыҷкәа рыманы ӡаагараҳәа ицеит. Ԥшьала ишаауаз, аҷырҷырбжьы рлымҳа иааҭасит. Рхы ианҩаха, ирбеит ажәҵарақәа шырхаԥыруаз. Еицыз рылаӷырӡқәа аарҿықәыҳәҳәеит. Рыҩны гәакьа ааргәалашәеит. Уаҟа, есааԥынра, абарҵаҿы хыԥхьаӡара рацәала ажәҵарақәа рыҭрақәа ҟарҵалон, еснагь бзиа ибаны ирыҵаԥшалон", — ҳәа азгәалҭоит амоҭа.

1953 шықәсазы НКВД аусзуҩцәа Ҳақы азин ирҭоит Аԥсныҟа ахынҳәразы. Аҭаацәа ргәырӷьара ҵҩа амамызт. Усҟан дара рхахьгьы ирзаагомызт арепрессиа аҵкыс еицәоу аамҭа иҭагылоит ҳәа…

Задеаа аҩныҟа рцара ҩымз агын. Ҟазахсҭан сакара дгьылуп. Араҟа лассы-лассы аԥслымӡ злачу анаҟә хылоит.

Ҳақы аилашәшәымҭаз аусураҟнытә даауан. Уи аҽны, уаԥхьа игыло думбо аԥсҭҳәа хылеит. Ила ихчылаз абб инамырбаӡеит еицархәхәа иаауаз амашьынахьанҭақәа. Амҩа шеихиҵәоз рыуакы агьежьқәа дрыҵаҳаит.

33 шықәса зхыҵуаз аԥҳәысеиба, лхала фҩык ахәыҷқәа рааӡала луалхеит.

Иван Балин имаругақәа - Sputnik Аҧсны
Гаграа ирҳәоит: абраҟа дынхон абџьарҟаҵаҩы - Иван Балин

Лыԥшәма анышә дамаданы, 40 мшы азгәаҭаны, Лиуба лыхшара лыманы Аԥсныҟа ддәықәлеит.

"Агәылацәа изларылшоз ала, амҩаныфа еидкыланы, санду лхәыҷқәеи лареи адәыӷба иақәдыртәеит. Амҩахь ашоура иахҟьаны агәамбзиарақәа рызцәырҵит, ишеибарҵәыуаз иааит", — ҳәа рымҩа хьанҭа далацәажәоит Диана.

Лиуба лҭаацәа лыманы Мгәыӡырхәа ақыҭа даналала, лыуаажәлар дџьаршьеит. "Шәыԥсы ҭоума ҳәа", ашана рбазшәа ирыхәаԥшуан.

Аҩны иахьааиз, ашәқәеи аԥенџьырқәеи аӷәқәа раархны иҟан. Лиуба ашә аартны даныҩнаԥшы, аҩнымаҭәа акәым, амҳаҵә цырагьы ҩнамызт.

"Агәылацәеи аҭынхацәеи ааилалан, доусы илшоз лызнаргеит. Аӡәы ацәарҭа, даҽаӡәы ачанах уҳәа", — иазгәалҭоит амоҭа.

Ус Лиуба ԥшьала лыбзазара шьақәгыло иалагеит. Аколнхарахьгьы аусура дҭыҵуеит.

"Санду лхатәы уҭрагьы ҟалҵар акәын. Ашьыжь шаанӡа аколнхарахь дцон азы, уахынла амза аныҟаз лџьықәреи лрашәон. Абас махәҿыла мацара акруны, фҩык лыхшара ршьапы иқәлыргылеит", — лҭаацәа рҭоурых аиҭаҳәара иацылҵоит Диана.

Ҳақи Лиубеи рыԥҳацәа Клавеи, Раиеи, Светеи, Сусаннеи рԥацәа Заури Валереи ианрызҳа, ирыӡбеит Ҭырқәтәыла иалаӡыз раб иашьа Алии раҳәшьаду Зақьиеи рыӡбахә аилкаара.

Асовет Еидгыла аамҭақәа рзы, Задеаа рыуацәақәак Ҭырқәтәылаҟа ицон. Уаанӡа раб иҟынтә ираҳахьаз аҭыӡҭыԥ нараҳәаны, аилкаа рзааргарц ирыҳәеит.

"Аиашазы ҳаибаԥшаауеит ҳәа ҳаҟамызт. Сабду дахьиз аҩны Анкара ирызҳаит, ирцәыӡит ҳәа ирыԥхьаӡоз ахәыҷқәа. Урҭ ҭаацәарахеит, Али ихылҵит хәҩык ахшара, Зақьиа хҩык. Акраамҭа ҳаибабон, ҳаиҿцаауан, аха Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь еиҭа ҳаицәыӡит. Иаҳдыруаз аҭыӡҭыԥ аҟны дара уажәшьҭа инхаӡом. Агәыӷра ҳамоуп, Мамеҭ Заде ихылҵыз ражәымҭаҽха ишеибаԥшааз еиԥш, ҳаргьы амоҭацәа мышкызны ҳаиқәшәап ҳәа", — лҳәоит Диана.

Лиуба Џьынџьалԥҳа лыԥсҭазаара далҵит 2005 шықәсазы 83 шықәса дшырҭагылаз. Аӡи амцеи иргәылсыз ахаҵамԥҳәыс, дҿырԥшыгоуп иахьа аԥсҭазаара амҩа ду иану лмоҭацәа рзы.

Иацу

Диана Задеԥҳаи сареи ҳаиҳәшьцәоуп. Зны-зынла ҳанааидтәало бзиа иаҳбоит аҭоурыхтә хҭысқәа рылацәажәара, ус ауп ишиз абри астатиа.

Уажәааигәагьы сасра слызцеит. "Абри атама Шәачатәи аџьармыкьаҟны исыхәҳаит, аҳәаанырцәтәи хкуп, аха агьама бзиоуп лҳәан", аишәа инықәылҵеит. Аиашазы, ацәа ҵаӷан, агәаӷьгьы иаразнак иагәылшәон. Афара сҽазыскуан еиԥш, сылаԥш иақәшәеит "ашәыр еихаҳауп Абжьаратәи Азиа" ҳәа аҩыра маҷ зныз иадырҷаблаз ақьаад.

— Диана! Ари бабду ишәыр акәзар ҳәа ҿаасҭит.

Азнык азы дшанхеит… Анаҩс, агәаӷьқәа ааидкыланы абаҳчаҟны иласҵоит лҳәан инԥхьалкит… Ҳақы Заде иҟәырҷаха ақәцәҟьазар ҳәагьы сгәы иааҭашәеит…

Ажәабжьқәа зегьы
0