Мадина Кәарацхьелиаԥҳа лромансқәа рыхәылԥаз мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукМадина Кәарацхьелиаԥҳа лромансқәа рыхәылԥаз мҩаԥысит Аҟәа
Мадина Кәарацхьелиаԥҳа лромансқәа рыхәылԥаз мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәала аромансқәа 15 раԥхьаӡа акәны акамератә оркестр амҩаԥгарала иналыгӡеит Мадина Кәарацхьелиаԥҳа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ лықәгылараан.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Афилармониа аҩналарҭа ашә аԥхьа уи аартра иазыԥшны игылан арымӡааҩ ареспублика асасцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи. Араҟа раԥхьаӡа акәны иҩныҩраны иҟан аԥсуа бызшәала аромансқәа. Џьоукы ароманс абзиабаҩцәа ракәын, аҽа џьоукы Мадина лырҿиара абзиабаҩцәа ракәын. Ирина Инал-иԥа — дхәыҷаахыс ароманс бзиа илбоит. Асеиԥш аконцерт ыҟоуп ҳәа анлаҳа хымԥада избароуп ҳәа арахь дааиит.

Авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>

"Даара угәы иахәаратәы иҟоуп Мадина Кәарацхьелиаԥҳа аԥсуа романсқәа ахьыналыгӡо. Лара лаԥхьа аӡәгьы аԥсышәала ароманс неимыгӡацызт. Зны-зынла ажәытә ашәақәа ҳаамҭазтәи аранжеровка рзуны исаҳалоит. Даара агәахәара сырҭоит. Аԥсуа ашәақәа гәхьаазгоит", — лҳәеит лара.

Ахәаԥшыҩцәа рҭыԥқәа аанкылан иаатәеит. Алашара ҭааит. Аоркестр ахәмарра хацнаркит. Агәилԥшшәыла ҵкы лышәҵаны асцена даақәлоит Мадина. Ароиаль днаҿатәоит. Аконцерт абзиабара иазку аромансқәа рыла ихлыртуеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукСольный концерт Мадины Кварацхелия в филармонии
Сольный концерт Мадины Кварацхелия в филармонии - Sputnik Аҧсны
Сольный концерт Мадины Кварацхелия в филармонии

Еицырдыруа ашәа "Исхароузеи" зегьы рыгәқәа хыҭхыҭуа иазыӡырыҩуеит. Асценахь ашәҭқәа рыманы ихалоит. Ашәҭқәа наргоит ашәак нҵәацыԥхьаӡа.

Аконцерт актәи ахәҭа нҵәоит.

Мадина асцена дықәҵуеит. Еизынхоит азыӡырыҩцәеи аоркестри. Аамҭақәак рышьҭахь, ижәҩангәыԥшшәылоу лыҵкы ԥшӡа лышәҵаны асцена деиҭаақәлоит Мадина. Аромансқәа ртематика аҽаԥсахуеит. Владислав Арӡынба изку ароманс азал гыланы иазыӡырыҩуеит.

— Мадина лашәақәа уртәыртәуеит, ургәылархалоит, — иҳәоит Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩ Даур Барганџьиа.

Иара Мадина Кәарацхьелиаԥҳа ажәа лиҭоит лашәа "Ашьхақәа" аклип шҭихуазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0