Ацәыргақәҵатә зал аҟны аԥсуа маркақәа ӡырыргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка абхазских марок, посвященная 80-летию Эдуарда Пилия
Выставка абхазских марок, посвященная 80-летию Эдуарда Пилия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал аҟны имҩаԥысит аԥсуа маркақәа раԥхьатәи рцәыргақәҵа. Аԥхьатәи аҳәынҭқарратә аԥсуа марка ацәырҵшьеи, иара аԥҵаҩы Едуард Ԥлиеи, аибашьра ашьҭахь аԥсуа ԥошьҭа аусушьеи ртәы уаԥхьар алшоит Асида Кәыҵниаԥҳа лматериал аҟны.

Асида Кәыҵниаԥҳа, Sputnik

Аҟәатәи агалереиаҿы ауаа рацәоуп. Ацәыргақәҵа уаанӡа ирбақәахьоу иреиԥшым. Иара азкуп арҭ амаркақәа раԥҵара зџьабаа дуны иадыз Едуард Ԥлиа игәалашәара. Еиҿылкааит Едуард Ԥлиа иԥҳа Диана Ԥлиаԥҳа.

"Ацәыргақәҵа саб, Едуард Ԥлиа игәалашәара иазкуп. Аимадара амаҵ иухьан 50 шықәса инарзынаԥшуа. Реиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рызгьы иара ари аус гәыгәҭамыжькәа имч-илша зегьы адиҵон. Сара ацәыргақәҵазы арҭ амаркақәа реизгара саналага еилыскааит саб игәалашәара адагьы ацәыргақәҵа дара амаркақәа зсахьа анугьы ргәалашәара ишазкхо", — лҳәоит Диана Ԥлиаԥҳа.

Аԥсны иналукааша атәылауаа: аспортсменцәа, акультуратә усзуҩцәа, артистцәа, ашәҟәыҩҩцәа, Аԥсны аҳәынҭқарратә символика, аҭыԥ ԥшӡарақәа – абарҭ зегьы рныԥшуеит Едуард Ԥлиа ирхиаз аԥсуа маркақәа.

Аибашьраан Гәдоуҭатәи араионтә еимадаратә ҭыԥ аҟны Едурад Ԥлиа еиҿикааит аԥошьҭа хада. Асаламшәҟәқәеи абандерольқәеи Урыстәылаҟа ргара еиҿкаан. Ашәҟәқәа рыдыркылон амацәаз иҭакыз Тҟәарчал аҟынтәгьы.

1993 шықәса ԥхынгәы 25 рзы Едуард Ԥлиа иаԥиҵеит Аԥсны раԥхьатәи аҳәынҭқарратә ԥошьҭатә марка ҳәа еизаз ирзеиҭеиҳәеит Алхас Манаргиа.

"Саб иԥсҭазаара иабжаз амаркақәа рымацара ракәӡам. Атәыла аԥошьҭатә еимадара зегьы иара инапы ианын. Аибашьраан Гәдоуҭеи Тҟәарчали ақалақьқәа рыбжьара аимадара бжьаҵатәын, Мрагыларатәи афронти Аԥсны ар ркомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынбеи аимадара роуртә ишьақәыргылатәын. Иара ҳара акгьы ҳзеиҭеиҳәомызт, аха абри аус зегьы шахәҭаз еиԥш еиҿикааит. Аибашьра ашьҭахь, Аԥсны 300 каналтә еимадара анҿахырҵәа ашьҭахь Арӡынба аиҿцәажәараз Қарҭҟа дишьҭит. Уи ашьҭахь 90 канал еиҭашьақәыргылан", — ҳәа еиҭалҳәоит Едуард Ԥлиа иԥҳа.

Иусураҿ иԥынгылоз ауадаҩрақәа зегьы иреицәахеит шықәсқәак раԥхьа Аҟәатәи аԥошьҭа абылра.

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка абхазских марок, посвященная 80-летию Эдуарда Пилия
Выставка абхазских марок, посвященная 80-летию Эдуарда Пилия - Sputnik Аҧсны
1/6
Выставка абхазских марок, посвященная 80-летию Эдуарда Пилия

2/6

3/6

4/6

5/6

6/6

"Аҟәатәи аԥошьҭа абылра игәы иааигәаӡаны иадикылеит. Иԥсҭазаара абжа зызкыз иус аиҳарак ԥхасҭахеит. "Ус угәы иаумырсын" сҳәон, аха уи иара илшомызт", — лҳәоит Едуард Ԥлиа иԥшәмаԥҳәыс Лиана Ҷкәотуаԥҳа.

Амца иалаблит аԥсуа маркақәа реиҳарак. Ацәыргақәҵахь иаагаз аекспонатқәа Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟынтәиқәеи, ахатәы коллекциақәеи, аҭаацәа ирымази ракәын.

"Аԥошьҭа абылра саб изы иааха духеит. Убри ашьҭахь ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Даара иаҳҭахуп саб иус гәыгәҭамыжьхарц, ԥхьаҟа изгаша аӡәы дҟаларц", — лҳәоит Диана Ԥлиаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0