Нанҳәа: итрадициатәу аԥсуа ныҳәара амҩаԥгашьеи аҵаки

© Sputnik / Томас ТхайцукПраздник урожая и молодого вина на поляне Лыхнашта
Праздник урожая и молодого вина на поляне Лыхнашта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.08.2023
Анапаҵаҩра
Нанҳәа амҩаԥгараан хадара зуа аритуалқәеи ақьабзқәеи дырзааҭгылеит аҭоурыхҭҵааҩ, аетнолог Валери Бигәаа.
Sputnik
Аԥсуаа рытрадициатә ныҳәақәа ируаку, аамҭала Анцәа иан-лаша лылацәеиқәыԥсара амш иақәшәоит Нанҳәа.
"Нанҳәа атрадициатә ныҳәақәа ируакуп, азныказы аныҳәа иахьа зегьы еицаадыруа аԥсцәа рыхьӡала идыргыло аишәа аҳәаакәа ирҭымҵуашәа иҟоуп, аха уи иаҵыԥшуеит адунеи иқәу ауааԥсыра зегьы ран, Адгьыл анцәахәԥҳәыс ду Анан лкульт ашьҭақәа. Абжьыуаа рыҟны Нанҳәа зегьы иазгәарҭоит, абзыԥқәа рыҟны ақьырсианцәа. Нанҳәа аныҳәа иалагоит арыцхә 27 ауха, уи иԥхьаӡоуп "аҩсҭаацәа рыҭра ианҭыҵуа" ҳәа. Уи аҟынтә аҩнаҭа аԥшәмацәа, "акы ахьырҳәо акы ыҟоуп" ҳәа иԥхьаӡаны, ахыхьчаратә ритуалқәа мҩаԥыргоит", — иҳәоит Валери Бигәаа.
Аетнолог иажәақәа рыла, ахәылбыҽха, амра анҭашәалак, аҿар еидыргалоит аҭәа, аҭырас, уи амца ацрарҵоит, аҩсҭаацәа рылаԥш рхырԥарц.
Мужчина прыгает через костер на праздновании Ночи святого Хуана в Испании - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2019
Барбанџьиа, аӡырыҩра, анасыԥ аԥшра - Нанҳәа аламҭалазтәи ақьабзқәа
"Еикәырҵаз амца аҿар ахыԥон, уи аан ирҳәон "саҩсҭаа дсыблит" ҳәа. Ари аритуал абарбанџьа ҳәа иашьҭоуп. Амца ахыԥара ашьҭахь, аԥшәма ашәақь ала дхысуан, аҩсҭаацәа иршәоит ҳәа. Ус иҟан анкьа, аха иахьа ари аритуал рцәыӡуа иалагеит, ақыҭақәа рыҟны имҩаԥыргаӡом", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Нанҳәа ауха аҩсҭаацәеи, агызмалцәеи ԥхасҭак абаҟаҳҵари ҳәа иқәуп, иҳәоит Валери Бигәаа.
Нанҳәа аҽны аҩнаҭа аԥшәма заа дгылоит, иҿы инапы ӡәӡәаны амрагыларахь ихы рханы дныҳәоит.
"Аԥшәма иҽрыцқьаны анцәа димҵаныҳәоит, "Анцәа улԥха ҳаҭ, ианакәызаалак ԥшӡала иаҳзыршала" ҳәа. Аныҳәара ашьҭахь амца еиқәҵаны, адәынтәи аусқәа дрылагоит. Аԥшәма ԥҳәыс лакәзар, ачашә аҟаҵара нап алыркуеит. Аҵланыҳәара азыҳәан лыхшара, урҭ рхәыҷқәа лыманы ауҭрахь дцоит. Аҭаацәа ршьапы аҵла иадыркылоит, ан дныҳәоит: "Аҵла анцәахә ду, абарҭ схәыҷқәа машәыр рықәумҵан, аҵла иқәлар, рыхлахаҵ мгьежьуа, аҩа ркыр, иӡахо, аӡа ркыр иԥымҵәо, иалымҟьо, лыԥхала, еибга-еизҩыда илбаауа исзыҟаҵа, суҳәоит", - ҳәа Анцәа димҵаныҳәоит. Ашьҭахь ан иазлырхиаз ачашә аҭаацәа зегьы ирфоит", — ҳәа аныҳәара шымҩаԥысуаз атәы еиҭеиҳәеит аетнолог.
Ари аныҳәара аритуал аԥсахрақәа алагалазаргьы, имҩаԥызго аҭаацәарақәа ыҟоуп.
Традициала Нанҳәа аҽны аԥшәмаԥҳәыс, аԥҳәыс цқьа ҳәа изышьҭоу, аныҳәаразы иҟалҵон ачашә, арбаӷь лшьуан, анцәахәы Нан илымҵаныҳәон.
"Аԥҳәыс цқьа анцәахәы Нан лымҵаныҳәаразы иахәҭаз ачыс азлырхион, анаҩс лашьҭахь аҭаацәа ргыланы дныҳәон. "Нан ду, иахьа бара бымш аҽны, ҳанацәеи ҳабацәеи ишаҳдырбаз еиԥш, ҳныҳәага ҳаманы ҳааины быҵаҟа ҳгылоуп. Ҳбыҳәоит, ҭаацәала баҳхылаԥш, жәҩан икыду аеҵә реиԥш, иаҳзырҳа, аказы ҳашшуа ҳҟабымҵан, агәабзиара ҳаҭ, ахабзиара ҳаҭ, абри адунеи аҿы аԥсҭазаара ҳахыбымбаан", - ҳәа лҳәоит. Ашьҭахь аҩныҟа ихынҳәуеит", — ҳәа ациҵеит аетнолог.
Валери Бигәаа иазгәеиҭеит, анцәахәы Нан лныҳәара аамҭа аӡыблара иагеит, иахьа ари аритуал мҩаԥыргаӡом ҳәа. Иахьа, Нанҳәа аныҳәара аишәаргылара иадырҳәалоит иҳәеит иара.
Мадонна Пилия - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.08.2019
Арадио
Ԥлиаԥҳа: Нанҳәа аишәа аргылараан афатә агьама анубо азы аивгарақәа ыҟоуп
"Нанҳәа аишәаргылара аҽны — астол иқәдыргыло афатә хққәа рахьтә ихымԥдатәиуп аҿамаҿа, уи аџьықәреи жәы, алаҳа, ацха цқьа, акарпыжә, ашьынка, ажәакала аамҭа иунаҭо ашәырхқәеи афатәқәеи. Иара убас, аишәа иқәырҵоит аҳалуа, алҩаҵә ахылҵуа, ацәашьы аԥырӷы иҿҳәарҵоит, афҩы дыргоит. Аишәа андыргылоз анкьа ахацәа ракәын имҩаԥызгоз зегьы, иахьа аҳәса роуп. Аишәа рхианы, ашәқәа аадыртуан, астол дырхион, анаҩс асасцәа рнапы ддырӡәӡәон, алҩаԥса ахьынӡаҟоу аԥсы акрафоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Аишәа ахьынӡагылоу аӡәгьы дцәажәаӡом, ауаҭахгьы аӡәгьы дыҩныҵӡом. Аишәа анышьҭырхуа, аишәа дырҵысуеит. Ашьҭахь аҭаацәа акрырфоит, аԥшәма аҩ ҿа аҵәца иҭаҭәаны ҳазшаз ду димҵаныҳәоит, уи анаҩс аныҳәа ахьӡала, ашьҭахь иаадрыхуа аҿамаҿа ԥшӡала, абзиара азыҳәан инырхырц", – ҳәа иҳәеит аҵараҩ.
Валери Бигәаа излаиԥхьаӡо ала, Нанҳәа иреиҳау атрадициатә ныҳәарақәа ируакуп аԥсуа жәлар рыҩнуҵҟа, иара ақьырсиантә ныҳәара аамҭа ишақәшәогьы, ақьырсианреи иареи еидҳәалаӡам.
Ажәабжьқәа зегьы
0