Леон Қапба "Ты супер! Танцы" аҩбатәи атур ахь днеиит

© НТВУчастники шоу "Ты супер!Танцы" на канале НТВ
Участники шоу Ты супер!Танцы на канале НТВ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ты супер! Танцы" асезон хацыркхеит асабша, цәыббра 2 рзы. Акәашаратә проект иалахәуп 142-ҩык ИАР, Балтиа ртәылақәеи Урыстәыла арегионқәеи рҟынтәи акәашаҩцәа ҿарацәа.

АҞӘА, цәыббра 4— Sputnik, Анжелика Бениаԥа, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Очамчыратәи арԥыс Леон Қапба иаԥсуа кәашара "Ты супер! Танцы" ажиурии ахәаԥшыҩцәеи аршанхеит. Иаргьы аҩбатәи атур ахь днеиит.

13-шықәса зхыҵуа аԥсуа кәашаҩ икәашара убриаҟара амца аҵан, ажиури иалахәызгьы асценахь имнеир амуа амҵәыжәҩақәа рынаҭеит. Леон ишидгыло идырбарци иқәгылара иахәаԥшырци Очымчыратәи акультура Ахан ахь инеиит ақалақьуаа жәпаҩык.

Ажиури алахәыла, ахореограф Егор Дружинин иҳәеит: "Лезгинка иуадаҩу кәашароуп. Акраамҭа аҵара аҭахуп. Леон, уара профессионалк икәашашьа укәашашьан. Ишызбо ала бзиа иубо аус уаҿуп. Уаԥхьаҟа ақәҿиарақәа шузыԥшу збоит" ҳәа.

Леон ицкәашаразы асценахь аԥхьа днеиуеит абалерина Кристина Кретова. Уи длыԥсахуеит Анастасиа Заворотниук.

Азал зегьы аӡәк еиԥш еицҿырҭуеит: "Леон, ты супер!". Евгени Папунаишвили иакәзар Анастасиеи Леони дрыцкәашарц дрыцықәлоит.

Леон Қапба раԥхьатәи ицәырҵра инаркны ахәаԥшцәа иҭҟәоит. Леони ажиури алахәылацәеи реицыкәашара ашьҭахь амҩаԥгаҩ Александр Олешко асценахь днеиԥхьоит амузыкатә проект "Ты супер!" аҟны аиааира згаз Валериа Адлеиаԥҳа.

Лера Москваҟа днеиит Леон адгылара илҭарц.

"Леони егьырҭ ашоу алахәылацәеи ақәҿиарақәа рзеиӷьасшьоит. Иҟашәҵо аус агәаҳәара шәнаҭалааит", — лҳәеит лара.

Леон быжь шықәса анихыҵ аахыс дкәашоит ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Ерцахә" аилазаараҿы. Бзиа ибоит аспорт. Иреиҳау гәаҳәараны имоу Кремльтәи Ахан аҟны аԥсуа кәашара анагӡароуп.

Апроект алахәылацәа аԥсҭазааратә мыҟәмабарақәа изырцәымцаз ахәыҷқәа роуп.

Леон ихаҭа, фы-шықәса ихыҵуан иан даниԥхоз. Леони, ԥшьышықәса зхыҵуаз иашьеи аамзы ирҭагылаз иаҳәшьа хәыҷи рааӡара иаби иандуи ирыдлеит.

Ателеканал НТВ-и, аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik, ателехәаԥшцәа иҟарҵаз аҳәарала иаздырхиоит апроект "Ты супер! Танцы". Апроект алахәылацәа ироуеит алшара атәыла иреиӷьу арҵаҩцәа, азыҟаҵаҩцәа аус рыцура, рхы аарԥшра, аҩызцәа ҿыцқәа рыԥшаара.

Ты супер! Танцы - Sputnik Аҧсны
Валериа Адлеиԥҳа адгылара илҭоит "Ты супер!Танцы" алахәыла Леон Қапба

Аконкурс алахәразы рымчқәа ԥыршәон 13 тәыла: Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Латвиа, Молдавиа, Таџьыкистан, Туркмениа, Узбекистан, Украина, Аԥсны рҟынтәи акәашаҩцәа.

Зегь иреиҵбу алахәыла быжь-шықәса лхыҵуеит, иреиҳабу – жәаа-шықәса. Апроект иалахәхо зегьы аҟыбаҩ ҷыда змоу хәыҷқәоуп.

"Ты супер! Танцы" – ари лшароуп ауаа рацәа урдырразы, адунеи зыхьӡ ахыҩхьоу ахореографцәа аус рыцуурцаз, аҩызцәа ҿыцқәа уоурц.

145-ҩык апроект алахәылацәа ацхыраара рырҭоит апрофессионалтә хареографцәа, арҵаҩцәа.

Ателерадиоеилахәыра НТВ-и амаҵзура Sputnik-и, имҩаԥырго жәларбжьаратәи аконкурс еиднакылоит Урыстәыла, ИАР атәылақәа, Балтиа атәылақәа рҟынтәи аҟыбаҩ бзиа злоу ахәыҷқәа, иагьырнаҭоит алшара аԥеиԥш лашазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0