Очамчыраа еиҭахгьы Акультура Ахан аҟны еизеит

Анапаҵаҩра
Леон Қапба ишидгыло идырбарци иқәгылара иахәаԥшырци Очымчыратәи акультура Ахан ахь инеиит ақалақьуаа жәпаҩык.

Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа.

 "Леон илшеит акәашара абызшәала аԥсуа жәлар рдоуҳа ахәаԥшыҩцәа дырбара. Леон икәашара ҽакы еиԥшымызт. Убри азоуп асеиԥш дызрыдыркылазгьы", — иҳәоит акәашаҩ Џьон Ҵәыџьба.

Евгени Папунаишвили, Леон икәашара ашьҭахь асценахь днеины идиныҳәалоит.

Егор Дружинин инапы изеиниҟьоит. Кристина Кретова, Анастасиа Заворотниук ракәзар ицкәашара еимаркуан.

Леон фы-шықәса ихыҵуан иан даниԥхоз. Леони, ԥшьышықәса зхыҵуаз иашьеи аамзы ирҭагылаз иаҳәшьа хәыҷи рааӡара иаби иандуи ирыдлеит. Аҷкәын иаб Спартак Қапба иҭаацәа рныҟәгаразы уахи-ҽни аус иуеит. Ахәыҷқәа аҵара рҵоит Очымчыратәи ашкол-интернат аҿы.

 Абри аҵараиурҭаҿы ауп аҵара ахьылҵо ашоу "Ты супер!" аҟны аиааира згаз Валериа Адлеиаԥҳагьы.

 Валериа лакәзар ҷыдала Москва, Леон иқәгылара дахәаԥшырц днеиит.

 Ателеканал НТВ-и, аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik, ателехәаԥшцәа иҟарҵаз аҳәарала иаздырхиоит апроект "Ты супер! Танцы". Апроект алахәылацәа ироуеит алшара атәыла иреиӷьу арҵаҩцәа, азыҟаҵаҩцәа аус рыцура, рхы аарԥшра, аҩызцәа ҿыцқәа рыԥшаара.

Участники шоу Ты супер!Танцы на канале НТВ - Sputnik Аҧсны
Леон Қапба "Ты супер! Танцы" аҩбатәи атур ахь днеиит

 Аконкурс алахәразы рымчқәа ԥыршәон 13 тәыла: Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Латвиа, Молдавиа, Таџьыкистан, Туркмениа, Узбекистан, Украина, Аԥсны рҟынтәи акәашаҩцәа.

 Зегь иреиҵбу алахәыла быжь-шықәса лхыҵуеит, иреиҳабу – жәаа-шықәса. Апроект иалахәхо зегьы аҟыбаҩ ҷыда змоу хәыҷқәоуп.

 "Ты супер! Танцы" – ари лшароуп ауаа рацәа урдырразы, адунеи зыхьӡ ахыҩхьоу ахореографцәа аус рыцуурцаз, аҩызцәа ҿыцқәа уоурц.

 145-ҩык апроект алахәылацәа ацхыраара рырҭоит апрофессионалтә хареографцәа, арҵаҩцәа.

 Ателерадиоеилахәыра НТВ-и амаҵзура Sputnik-и, имҩаԥырго жәларбжьаратәи аконкурс еиднакылоит Урыстәыла, ИАР атәылақәа, Балтиа атәылақәа рҟынтәи аҟыбаҩ бзиа злоу ахәыҷқәа, иагьырнаҭоит алшара аԥеиԥш лашазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0