Аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаартуп ашкол ҿыц

© Sputnik Константин ГрецовУченики 1-го класса в средней школе №3 в Сухуме
Ученики 1-го класса в средней школе №3 в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспублика ашколқәа 156 рахь инеиит 27 000-ҩык рҟынӡа ашколхәыҷқәа. Актәи акласс ахь имҩахыҵит 3 000 инарзынаԥшуа аҵаҩцәа.

АҞӘА, цәыббра 4– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Акапиталтә еиҭашьақәыргылара ашьҭахь 600-ҩык ашколхәыҷқәа рзы ашәқәа аанартит Воронов ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол №3.

Актәи акласс ахь инеиит 110-ҩык ахәыҷқәа. Ахәыҷқәеи, арҵаҩцәеи урҭ рҭаацәарақәеи ирыдныҳәалеит арахь иааииз Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев, аҳҭнықалақь Ахада Адгәыр Ҳаразиа, Аҟәа ақалақьтә еизара аиҳабы Константин Ԥлиа.

Ашкол адиректор Маиа Пагаа иазгәалҭеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуаз Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз афинанстә цхыраара алшарала, Семион Григориевгьы ҭабуп ҳәа иалҳәеит аколлективтә еилазаара ахьӡала.

"Ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит абасеиԥш иҟоу ашкол аҟны аҵара ҳҵартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳазҭаз. Аԥсны иреиҳабу ашколқәа руак иаиуит алшара ԥхьаҟагьы аус иацнаҵарц", — лҳәеит адиректор.

Иқәгылаз иазгәарҭеит ахԥатәи ашкол аҟны аҵара шырҵоз Аԥсны иналукааша ауаа: Андреи Ҷоҷуа, Фазиль Искандер, Иури Воронов.

Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев иазгәеиҭеит итәыла ԥхьаҟагьы Аԥсны ганрацәалатәи ацхыраара шанаҭо.

"Ари ашкол иҷыдоу школуп. Аԥсуа культура, аҵарадырра ирхыҵхырҭоуп. Иахьагьы иара шәҩыла аҵаҩцәа иргәакьоу ҩнны иҟоуп. Агәра згоит иахьа абрахь имҩахыҵыз рҟынтәи зыхьӡ еицырдыруа ауаа шыҟало", — иҳәеит Ацҳаражәҳәаҩ.

Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба иҳәеит акраамҭа аҵаҩцәа имариамыз аҭагылазаашьақәа шрымаз аҵаразы.

"Иахьа ашколхәыҷқәа рыҩналеит иҭбааҭыцәу, илашоу акласс уадақәа. Ара дара ироуртә иҟалеит адырра бзиақәа", — иҳәеит Какоба.

Актәи акласс аҵаҩцәа ажәеинраалақәа ирыԥхьеит. Нас имҩаԥысит аныҳәатә ҭагылазаашьа аманы ацаха ҟаԥшь ахҵәара. Ашкол ашәхымс ихыҵит актәи акласс ахь раԥхьатәи зшьаҿа еихызгаз ахьыбҿар.

Ашкол № 3 аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хацыркын 2010 шықәса рзы. Абарҭ аамҭақәа рзы ашколхәыҷқәа аҵара рҵон ашкол №2 аҟны.

Ареспублика ашколқәа рҟны аҵара рҵоит 27 000-ҩык аҵаҩцәа. Урҭ аҵара ддырҵоит 3 800-ҩык арҵаҩцәа. 156 школ рҟынтәи иаԥсуа школқәоуп 59, 46 урыс школқәоуп, аерман школқәа 25 ыҟоуп, аурыс-аԥсуа школқәа 15 ыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0