Барганџьиа: атроллеибусқәа аанкылоуп аӡымҩангагақәа рыҵаҵара иахҟьаны

© Sputnik / Томас ТхайцукТроллейбусные линии.
Троллейбусные линии. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь атоллеибустә усбарҭа адиректор Иури Барганџьиа Sputnik Аԥсны арадио аҟны еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь аҟны атоллеибусқәа аамҭала раанкылара зыхҟьо атәы.

АҞӘА, цәыббра 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа ҩымчыбжьа рыҩнуҵаҟа атроллеибусқәа русура аанкылоуп, иҳәеит Аҟәа ақалақь атроллеибустә усбарҭа адиректор Иури Барганџьиа. 

"Атроллеибус иахьа зхы иазырхәо маҷӡам, насгьы ҟәрышьла ибеиам ауаа уи ала ауп изланаиааиуа. Иахьа ашьыжь Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиеи сареи аицәажәара ҳаман, атроллеибусқәа аанкыламзар ԥсыхәа амам ҳәа еибаҳҳәеит", — ациҵеит уи.

Аҟәа ақалақь атроллеибусқәа раанкылара зыхҟьо атоллеибус ахьныҟәо ацәаҳәа инақәыршәаны, метраки-бжаки рҟынӡа иҵауланы ижны аӡы мҩанызго атрубақәа ыҵарҵараны иҟоуп, иҳәеит Барганџьиа. 

Аӡымҩангагақәа рыҵаҵара атроллеибусқәа рныҟәара аанымкылакәа аҟаҵаразы аҽазышәара ыҟан, аха қәҿиара аимуит, азгәеиҭеит уи. Избан акәзар уи иаруадаҩуеит автомашьынақәа рныҟәара.

"Имҩаԥысуа аусурақәеи атроллеибусқәа рныҟәареи еинаалом иауам ҳәа алкаа ҟаҵан", — ациҵеит.

Атроллеибусқәа Аҟәа рныҟәара х-хырхарҭак амоуп, Аҳабла ҿыци – аџьармыкьеи, Маиаки – Ҭҳәыбыни, Ажәытә ҳаблеи – аџьармыкьеи. Абарҭ ах-хырхарҭакгьы имҩаԥысуа аусурақәа ирхырҟьаны атроллеибусқәа аанкылоуп, азгәеиҭеит уи.


Ажәабжьқәа зегьы
0