Ҭыԥла еицәыхароу, гәыла еизааигәоу: Калдахәаратәи ҳџьынџьуаа ргәалашәарақәа

© Sputnik / Алексей Бушкин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа, Ҭырқәтәыла инхо аԥсыуак иҩны уавсуазар, иаразнак иудыруеит дшаԥсыуоу. Иашҭа-игәара цқьоуп, шәҭыла иҭалаҳан иԥшӡаӡа ирхиоуп, уахьынаԥшааԥшлак зегьы аԥсышәала ицәажәоит, аԥсуа цәа рыҟәнуп. Ашҭаҿы улаԥш иҵашәар алшоит Аԥснынтә реиҳабацәа инаргаз ачуан, архнышьна, уимоу аҵлақәа ирықәу аӡахәа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны атәым тәылаҟа иагаз аԥсуаа, иахьнанагаз атәым милаҭ ирыламҩашьарц азы аиқәырхара рҽазыршәеит рмилаҭ ахаҿра. Иахьа, Ҭырқәтәыла инхо аԥсыуак иҩны уавсуазар, иаразнак иудыруеит дшаԥсыуоу. Иашҭа-игәара цқьоуп, шәҭыла иҭалаҳан иԥшӡаӡа ирхиоуп, уахьынаԥшааԥшлак зегьы аԥсышәала ицәажәоит, аԥсуа цәа рыҟәнуп. Ашҭаҿы улаԥш иҵашәар алшоит Аԥснынтә реиҳабацәа инаргаз ачуан, архнышьна, уимоу аҵлақәа ирықәу аӡахәа.

Ҳильми Инаԥҳа, дынхоит Калдахәара ақыҭаҿы. Иара еиҭеиҳәоит ари ақыҭаҿы аԥсуаа рынхашьа-рынҵышьа зеиԥшроу.

Аԥсуа шьха қыҭа Есма- Ҳаным - Sputnik Аҧсны
Есма-Ҳаным ақыҭаҿы игылоу ачамҳаҵла амҳаџьырра аҭоурых иаҿахәҳәагоуп

"Ҳара ара ҩқыҭакны ҳаҟоуп, Кадыр иқыҭеи, Калдахәара ақыҭеи. Аԥсуа жәлақәа инхо рацәаҩуп. Урҭ иреиуоуп: Гәыџьгьараа, Ҳагәышьаа, Инаԥҳаа, Жьиаа, Хышаа, Шармаҭаа, Аграа, Махариаа, Уарданиаа уҳәа. Аԥсуара досу ишиҭаху иныҟәигар ҟалом. Иара излахәҭоу ала амаҵ ууроуп. Аԥсуара алаӡара маҷуп, еиҿкаауп, ақәнага рацәоуп", — дҳацәажәон Ҳильми Инаԥҳа.

Ҳильми излаиҳәо ала, ари ақыҭахь иқәнагалаз аԥсуаа, раԥхьа даҽаџьара инхон, аха рааигәа иҟаз аӡиас иахҟьаны, рҭыԥ рыԥсахыр акәхеит, ирыҵало, ҭыԥ рнамҭо иалагеит.

Наадиде Қьеҭас, Карадаре деиуоуп, Қьеҭас Шьарыф диԥҳауп. Лабду иаб Еҭыр, Аԥснынтә ихҵәаны ицақәаз дреиуоуп.

"Еҭыр иԥа Қәамач ихьӡуп. Саб иашьа Ҳабрақә ихьӡуп. Даара пату зқәыз уаан. Ҳазшаз Анцәа ҳазегьы даҳзылԥхааит. Хык иаԥсам аӡәгьы дыҟаӡам. Хәыҷык сасра днеиргьы аԥсыуа ҩнаҭак аҟны, ихаҟара пату иқәырҵон. Асас изы ақыҭа ааизганы ацә ҟьантаз нкажьны иршьуан, аишәа-чара гәырӷьарыла имҩаԥыргон, ишәаҳәон, икәашон. Аԥсуа иқәнага ҳәа акыҟоуп. Уеиҳабы дудырур, уеиҵбы дудырыр, упату рацәахоит. Аҳаҭыр ззырҳәо ҭырқәшәоуп, апату ззырҳәо ԥсышәоуп, нан", — есааира аҭоурых дагәыланагалон Наадиде.

Аԥсуаа ргәаҟра хызҽуаз, рхьаа рхазыршҭуаз ашәақәа аԥырҵон, алақмар рҳәон.

"Уаау, уаау, ишԥазури, аԥҳәыс еиба лыҷкәын, лыҷкәын,

лыҷкәын заҵәы, уаау…

Шәарыцара дахьцаз ахра дагеит уаау,

Изыурызеи, ишԥазури, уаау

уаау, нана, уаау…

Аҩадатәи Кипр инхо ҳџьынџьуаҩ Меҳмеҭ Чаалар - Sputnik Аҧсны
Меҳмеҭ Чаалар: аиҳабацәа аҭоурых алацәажәара рацәак бзиа ирбаӡомызт

Ҳалаӷырӡ аазгаша, ҳгәы ҳзырхьша уаҳа Анцәа иаҳзааимгааит. Ҳгәырӷьара ашәақәа рацәахааит!", абас лгәы хьаауан аԥҳәыс бырг.

Ашәак мҳәак изырхәлахьада? Аха Ҭырқәтәыла дынхоны, даԥсыуаны, ашәак зҳәахьада? Ас еиԥш иҟоу ҳџьынџьуаа рыхшыҩҵак, иҟалап иаҵаҵәахызар жәларык зегьы рлахьынҵа. Аха, убас шакәугьы ргәы карыжьуам, рмарзакан аашьҭыхны, лассы-лаасы аԥсуа шәа ацҳәо иаатәалоит.

Раҳшьан Шьыжь, убых ҭыԥҳауп, лан Гьечԥҳауп. Аԥсныҟа саншьцәа рахь ҳамҭас ашәак рзысҳәап лҳәан, ижәытәӡатәыз лмырзакан аацәырылгеит. Егьыналыгӡеит аԥсуа шәа: "Ас гәырҩала са смиӡандаз…"

Дарбанызаалак ауаҩы иара ихатәы лахьынҵа шизшоу еиԥш, аҭоурыхтә ԥсадгьылгьы иамоуп иара ахатәы разҟы, изнысхьоу амҩа, иацтәи, иахьатәи амш, уаҵәтәи агәыӷра. Ҳгәыӷрақәа еицамкааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0