Габниа: амилиционер иԥҟара – систематә еицакроуп

© Sputnik Илона ХварцкияВиталий Габния
Виталий Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа ажурналистцәа рзы апресс-конференциа мҩаԥигеит.

АҞӘА, цәыббра 6– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа ажурналистцәа рзы апресс-конференциа мҩаԥигеит. 2017 шықәса нанҳәа 20 рзы аҭыԥ змаз амилиционер Зебелиан иԥҟара систематә еицакроуп иҳәеит иара апресс-конференциаҟны.

"Ари ахҭыс ААР (МВД) асистема еиԥш аҳәынҭқарра зегьы асистема азгьы ааԥхьарак еиԥшуп. Ари иаанаго ҳара ма азакәанқәа ҳрықәныҟәо ҳанхалоит, ԥхьаҟа аҿиарагьы ҳауеит, ма урҭ мап рцәыҳклоит, аҵахьгьы ҳцоит ауп. Зебелиан ихҭыс абри ккаӡа иаанарԥшуеит", — иҳәеит Габниа.

Иара иазгәеиҭеит аус азхьаԥшра аманы иҟазароуп ҳәа.

"Урҭ аҷкәынцәа аҽа тәылак аҿы акәзар ус рхы мҩаԥыргарызу? Аԥсны дара иҟауҵар ахьауа тәыланы иахәаԥшуазар, ауа-аҭахы рыла азҵаарақәа уӡбар алшоны ирбозар – зегь еиҭактәуп, шьаҭанкыла иқәхтәуп", — иҳәеит Габниа.

Иара иҳәеит ахаангьы аԥсуаа рҟны ахымҩаԥгара аҽԥынкылақәа шацыз. Иарбанызаалак ацәгьоураз аҭакԥхықәра ишаҵагылоз аижәлантә.

"Уажәы зегьы рҽырыԥсахит. Ажәла ауаҩы иаанкылара, лахь иҭара ацынхәрас идгылоит. Ари ҳәынҭқарратә зҵаароуп", — иҳәеит Ахада ихаҭыԥуаҩ.

Амилиционер дзыԥҟаз ауаа аанкылоума ҳәа ирҭаз азҵаара ҭакда иаанижьит Габниа, иагьазгәеиҭеит ажурналистцәа абри аус ахылаԥшра арҭарц рыхәҭоуп ҳәа.

2017 шықәса нанҳәа 22 рзы Гәдоуҭа араион апрокурор ашьаус хациркит 1992 шықәса рзы ииз Аинар Аҩӡбеи 1992 шықәса рзы ииз Едгар Смыри рганахь ала.

Ашьаусҭҵааратә шәҟәқәа рыла 2017 шықәса нанҳәа 20 рзы Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа Аҳәынҭавтоинспекциа аинспектор Альберт Зебелиан ахәышәәтырҭахь днаган ааха ӷәӷәақәа иманы.

Уаанӡа, Альберт Зебелиан Аҟәа, турбаза араион аҟны Аинар Аҩӡба зыԥсҟы икыз автомашьына ааникылеит. Атехникатә паспорт ахьимамыз инамаданы аԥкаанҵа иҩит. Абри аҽны, ахәылбыҽха, Гәдоуҭа араион, Приморское ақыҭан иҟоу акаҳуажәырҭа "Арсаул" аҿы Аинар Аҩӡбеи Едгар Смыри Зебелиан иқәлеит. Аҵыхәтәантәи аахақәа маҷымкәаны иоуит.

Аинар Аҩӡбеи Едгар Смыри ахьыҟоу аилкааразы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара иаҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0