Аргәын: ақәоура иахҟьаны "Акьыԥхь ҩны" аусура аанкылахар алшоит

© Sputnik Амра АмичбаРоману Аргун
Роману Аргун - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны "Акьыԥхь ҩны" аиҳабы Роман Аргәын Sputnik Аԥсны иеиҭеиҳәеит ԥшьышықәса шҵуа ақәа анлеиуа ахыбра аӡы шыҩнало атәы.

АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Акьыԥхь ҩны" аусура аанаҳкылар алшоит, избанзар ахыб аӡы ахькылсуа иахҟьаны аусура даара иуадаҩуп, иҳәеит "Акьыԥхь ҩны" аиҳабы Роман Аргәын.

© Sputnik Бадрак Авидзба Протечка крыши в доме печати
Протечка крыши в доме печати - Sputnik Аҧсны
Протечка крыши в доме печати

"Аҳәынҭқарра ахада ацхыраара ҳаҭаразы адҵа ҟаиҵеит, аха рыцҳарас иҟалаз аԥара аҟамзаара ауп. Изларҳәаз ала, ахыбра  ҿыц ақәҵаразы иақәхарџьтәуп аа-миллионк аԥара", — иҳәеит уи.

Роман Аргәын Sputnik Аԥсны еиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра >>

Аргәын иажәақәа рыла, уажәы ауаа русура ауадаҩрақәа маҷымкәа иацуп, аӡы илагыланы аус руеит. Зыхә цәгьоу атехника аӡы ибжьнахыр ҟалоит, иҳәеит уи.

"Иахьа, уаҵәы рҳәоит, аха иҟамлакәа џьара машәырк ҟалар ҳәа сшәоит. Атехника гылоуп, уи афымцалашара иаҿакуп, аӡы рыҵалоит, аӡы анрыҵалалак ашьҭахь, аус зуа аӡә дашьыр ҟалоит", — азгәеиҭеит Аргәын.

Роман Аргәын иажәақәа рыла, аиҳабыра рганахь ала ацхыраара ҟамлар аусура аанкылатәхоит, ауаа рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара рҭамыргыларазы.

"Уаҳа ԥсыхәа амаӡам, избанзар аӡә ак ихьуама ҳәа уахгьы-ҽынгьы ухәыцуа узлатәои?", — аӡҵаара ықәиргылоит уи.

Ԥшь-еихагылак змоу "Акьыԥхь ҩны" аҟны аус ахьыруа актәии аҩбатәии аихагылақәа рҟны ауп. Аӡы алеира армаҷразы, ахԥатәии аԥшьбатәии аихагылақәа рҟны аӡы еиҳа ирацәаны иахьлеиуа ақьаади аӡы злымсуа атентқәеи шьҭарҵеит. Аха уигьы уиаҟара аҭагылазаашьа анырра анаҭартә еиԥш иҟамлеит.

Аԥсны "Акьыԥхь ҩны" аҭагылазаашьа ҭыиҵаауан Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба, уи шәизыӡырҩыр ҟалоит Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир ала, асааҭ 18:00 рзы.


Ажәабжьқәа зегьы
0