Аԥсни Адыгеиеи рхадацәа: ҳаинырра иазҳарҳалоит

Анапаҵаҩра
Цәыббра 9 инаркны цәыббра 10-нӡа Рауль Ҳаџьымба Адыгатәи Ареспублика Ахада инапынҵақәа назыгӡо Мурат Кумпилов иааҧхьарала визит ҳасабла Адыгатәи Ареспубликаҟны дыҟоуп атәыла Ахада иинаугурациа азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рылахәхаразы/

АҞӘА, 11 цәыббра — Sputnik. Цәыббра 9 инаркны цәыббра 10-нӡа Рауль Ҳаџьымба Адыгатәи Ареспублика Ахада инапынҵақәа назыгӡо Мурат Кумпилов иааҧхьарала визит ҳасабла Адыгатәи Ареспубликаҟны дыҟоуп атәыла Ахада иинаугурациа азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рылахәхаразы.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Адыгатәи Ареспублика Ахада инапынҵақәа назыгӡо Мурат Кумпилови еиԥылеит Маиҟәаԥ ақалақь аҟны, цәыббра 9 рзы.

"Агәрахаҵара сымоуп уаанӡатәи ҳаимадарақәа ԥхьаҟагьы аихаҳара шроуа. Аҿаргьы активла рхы аладырхәыроуп ҳтәылақәа рполитикатәии рсоциалтәии ԥсҭазаара", — иҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Рауль Ҳаџьымба Кумпилов ҭабуп ҳәа еиҳәеит Аԥсны аганахь ала иҟаиҵо адгыларазы. "Ҳаимадарақәа рырҭбааразы иҟаҵо маҷӡам. Агәра згоит урҭ ԥхьаҟа еиҳагьы рыҽышдырҭбаауа", — азгәеиҭеит Атәыла ахада.

"Уаанӡатәи ҳреспубликақәа рхадацәа рус иацаҳҵароуп, Аԥсни Адыгатәылеи реизыҟазаашьақәа еиҳа еиҳау аҩаӡара раҳҭароуп. Ҳара Аԥсны ақәҿиарақәа ҳреигәырӷьоит. Ҳәарада аибашьраан хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа инеины ишәывагылаз ррольгьы аҩаӡара ду шамоу", — иҳәеит Адыгатәи Ареспублика Ахада инапынҵақәа назыгӡо Мурат Кумпилов.

Рауль Ҳаџьымбеи Мурат Кумпиловы рхы аладырхәит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны иааны хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа.

Ажәабжьқәа зегьы
0