Рауль Ҳаџьымба ҞБР аҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз дырԥылеит

© Пресс-служба президентаРауль Ҳаџьымба ҞБР аҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз дырԥылеит
Рауль Ҳаџьымба ҞБР аҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз дырԥылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 8 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахада Иури Коков дицны Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликаҟны Аҳәынҭқарра амши Ҟабарда-Балкариеи Урыстәылеи рыжәларқәа ракра 460 шықәса ахыҵреи разгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа дрылахәын.

АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik. Рауль Ҳаџьымба Ҟабарда-Балкариа иҟазаараан дырԥылеит 1992-1993 шықәсқәа рзы хатәгәаԥхарала Аԥсны иааны еибашьуаз. Абри атәы аалацҳаит атәыла Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡыԥҳа.

Аԥсны Ахада аиԥылараан далацәажәеит Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа, атәыла аекономикатә, асоциалтә, акультуратә аполитикатә ҿиара атәы.

"Ауадаҩрақәа маҷым аха ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит аҭагылазаашьа аиӷьтәразы, атәыла аҽаԥсахразы. Сгәыӷуеит аибашьраан Ҟабарда-Балкариантәи инеины иҳавагылаз, иахьа Аԥсны иатәылауааугьы абри аус аҟны ацхыраара ҳарҭап ҳәа", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара иазгәеиҭеит аибашьра иалахәызи урҭ рҭаацәарақәеи рзы ареспублика иалшо зегьы шыҟанаҵо.

"Иҳалшо акыр ирацәамзаргьы аӡәгьы игәыгәҭажьра ҳҭахым. Еиӷьу аамҭақәа шьақәгылар, ацхыраарагьы еиҳаҳтәуеит", — иҳәеит Ахада.

"Аибашьра еилгеижьҭеи 25 шықәса ҵуеит. Ҳара ҳаивагылазароуп аӡәк еиԥш, иаку мҩак ҳанызароуп" — иҳәеит Ҟабарда-Балкариантәи Аԥсны еибашьуаз реидгыла ахантәаҩы Залим Тхаицуков.

Ҟабарда-Балкариантәи Аԥсны еибашьуаз реидгыла алахәыла Анзор Шоров далацәажәеит аиҿкаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы имҩаԥнагаз ауснагӡатәқәа ртәы нарҭбааны.

"Сара ара шәбара сеигәырҕьоит. Ҳажәларқәа ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шьақәырҕәҕәахеит Аҧсны ахьчаразы игылаз, аҧсуа жәлар ирыдгылаз Ҟабарда-Балкариантәи хатәгәаҧхарала инеиз аибашьцәа шәыла. Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа аҧхьаҟагьы инагӡахароуп", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба аиԥылара ахыркәшамҭаз.

Рауль Хаджимба провел встречу с добровольцами
Рауль Хаджимба провел встречу с добровольцами - Sputnik Аҧсны
Рауль Хаджимба провел встречу с добровольцами

Цәыббра 7 инаркны цәыббра 9-нӡа Рауль Ҳаџьымба Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахада Иури Коков иааҧхьарала визит ҳасабла Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликаҟны дыҟоуп Аҳәынҭқарра амши Ҟабарда-Балкариеи Урыстәылеи рыжәларқәа ракра 460 шықәса ахыҵреи разгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рылахәхаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0