Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аҳаҭыртә шәҟәқәа рыҭан

© Sputnik Лев РыжковЦеремония вручения премии имени Искандера
Церемония вручения премии имени Искандера - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиаз Жәларбжьаратәи ажиури ахантәаҩы Евгени Попов Sputnik иазеиҭеиҳәеит апремиа зауз рыӡбахә.

АҞӘА, цәыббра 11– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Ричард Чкадуеи Витали Шариеи Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит иҳәеит Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиаз Жәларбжьаратәи ажиури ахантәаҩы Евгени Попов радио Sputnik Аԥсны аинтервиу анеиҭоз.

"Апремиа анашьара ахәылԥаз аҟны изныкымкәа иҳәан Фазиль Искандер аԥсуа, аурыс, адунеитә шәҟәыҩҩ иоуп ҳәа. Азал аҟны иҟан аурыс литература ахаҭарнакцәа. Алахәылацәеи ажиурии ргәаанагарала ахәылԥаз қәҿиарала имҩаԥысит. Фазиль идоуҳа аныԥшуа иҟалеит, аофициоз маҷын", — иҳәеит иара.

Иқәгылоз зегьы аԥхарра аҵаны дыргәаладыршәон Искандер иҳәеит Евгени Попов.

"Апремиаз иқәыргылан ҳаамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи рырҿиамҭақәа. Алхра акыр иуадаҩын. Аноминациа "Проза" аҟны лауреатс дҟалеит ашәҟәыҩҩы Едуард Русаков (Красноиарск). Иповестқәеи иажәабжьқәеи реизга "Майский сон о счастье" еицҿакрыла иалкаахеит", — иҳәеит Попов.

Аноминациа "Поезиа" аҟны аԥыжәара лгеит Москва инхо Ганна Шевченко. Аноминациа "Киносценари" аҟны диааиит Аслан Галазов. Фазиль Искандер ипремиа анашьара ахәылԥаз далахәын Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

"Агәахәара ду ҳнаҭеит Аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа ахьалахәыз. Урҭ аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит. Искандер ипремиа ԥхьаҟа агеографиа аҽеиҵнахышт, аҿиара аиушт. Сгәы иаанагоит егьырҭ аноминациақәагьы ҟалап ҳәа", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Ричард Чкадуа иажәабжьқәа реизга "Чан" Искандер ипремиа аиуразы ашорт-лист ианын.

Ашорт-лист ианылаз рахь иаҵанакуеит: Александр Кабаков иажәабжь "Камера хранения", Александр Мелихов ироман "Свидание с Квазимодо", Александр Снегириов ирҿиамҭақәа.

Ашорт-лист ахь иаҵанакит апрозатә рҿиамҭақәа быжьба, апоезиатә рҿиамҭақәа хәба, киносценарик. Ричард Чкадуа еиԥш Фазиль Искандер ипремиа аиура рҽазыршәон: Игор Хәарцкьиа ("Дом на окраине"), Витали Шариа ("Букет Абхазии"). Аха арҭ аусумҭақәа ашорт-лист ианымлеит.

Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа шьаҭанаркит Урыстәылатәи ПЕН-центр. Аусумҭақәа рыдкылара хацыркын ԥхынҷкәын 1 2016 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0