Лугансктәи Ареспублика АҶА Аԥсны арҵаратә центр аанартуеит

© Фото : МЧС АбхазииГлава МЧС Абхазии принял участие в праздновании Дня города Луганск
Глава МЧС Абхазии принял участие в праздновании Дня города Луганск - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа дрылахәын Луганск ақалақь 222 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа. Аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит 2017 шықәса цәыббра 9 рзы.

АҞӘА, цәыббра 11– Sputnik. Лугансктәи Ареспублика Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра хықәкны иамоуп Аԥсны арҵаратә центр аартра. Абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура. Ацентр аҟны апрактикатә зыҟаҵарақәа мҩаԥыргалоит Лугансктәи АҶА аусзуҩцәа.

© Фото : МЧС АбхазииГлава МЧС Абхазии принял участие в праздновании Дня города Луганск
Глава МЧС Абхазии принял участие в праздновании Дня города Луганск - Sputnik Аҧсны
Глава МЧС Абхазии принял участие в праздновании Дня города Луганск

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниеи Лугансктәи Жәлар рреспублика Ахада Игор Плотницки Лугансктәи Ареспублика Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Сергеи Иванушкины аиԥылара рыман.

"Лугансктәи Жәлар рреспубликаҿы ахәшьара ҳарак арҭоит ҳтәылақәа рыбжьара аҭыԥ зманы ишьақәгылаз аизыҟазаашьақәа. Даара ҭабуп ҳәа ахырҳәаауеит Аԥсны иҟанаҵо адгылареи ацхыраареи", — иҳәеит Лев Кәыҵниа.

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниеи Лугансктәи Жәлар рреспублика Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Сергеи Иванушкины реиԥылараан иалацәажәан ҩ-ганктәи аусеицураз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра. Аиқәшаҳаҭра иалнаршоит аԥышәеи, аинформациеи реимдареи, аицҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0