Атроллеибустә цәаҳәа "Аџьырмыкьа-Алашарбага" заанаҵы аусура иалагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗапуск троллейбусной ветки Рынок - Маяк
Запуск троллейбусной ветки Рынок - Маяк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа атроллеибусқәа рныҟәара аанкылан цәыббра 6 рзы Имам Шамиль имҩаҿы имҩаԥырго аремонттә усурақәа инарымаданы.

АҞӘА, цәыббра 12– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Атроллеибустә цәаҳәа "Аџьырмыкьа-Алашарбага" заанаҵы аусура иалагоит ҳәа ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит аусурақәа мҩаԥызго анардадкылаҩ ихаҭарнак Саид Сангәлиа.

"Ҳаззыԥшым уадаҩрақәак ҟамлар ҩымш-хымш рыҩныҵҟа аусурақәа хҳаркәшоит. Уи ашьҭахь атроллеибусқәа рныҟәара хацҳаркуеит", — иҳәеит иара.

Уаанӡа, Аҟәа ақалақь атоллеибустә усбарҭа адиректор Иури Барганџьиа Sputnik Аԥсны арадио аҟны еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь аҟны атоллеибусқәа аамҭала раанкылара зыхҟьо атәы.

Аҟәа ақалақь атроллеибусқәа раанкылара зыхҟьо атоллеибус ахьныҟәо ацәаҳәа инақәыршәаны, метраки-бжаки рҟынӡа иҵауланы ижны аӡы мҩанызго атрубақәа ыҵарҵараны иҟоуп, иҳәеит Барганџьиа.

Аӡымҩангагақәа рыҵаҵара атроллеибусқәа рныҟәара аанымкылакәа аҟаҵаразы аҽазышәара ыҟан, аха қәҿиара амоуит. Избан акәзар уи иаруадаҩуеит автомашьынақәа рныҟәара.

Атроллеибусқәа Аҟәа рныҟәара х-хырхарҭак амоуп, Аҳабла ҿыци – аџьармыкьеи, Маиаки – Ҭҳәыбыни, Ажәытә ҳаблеи – аџьармыкьеи. Абарҭ ах-хырхарҭакгьы имҩаԥысуа аусурақәа ирхырҟьаны атроллеибусқәа аанкылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0