Атриатлон азы аицлабрақәа Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБорис Барциц и Ческидов Алексей
Борис Барциц и Ческидов Алексей - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атриатлон азы Аԥсни Урыстәылеи Рфедерациақәа рнапы аҵарҩит аусеицуразы аиқәшаҳаҭра, цәыббра 12 рзы Sputnik апресс-центр аҟны.

АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Атриатлон азы Аԥсни Урыстәылеи Рфедерациақәа рнапы аҵарҩит аусеицуразы аиқәшаҳаҭра, цәыббра 12 рзы Sputnik апресс-центр аҟны. Аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра Аԥсны атуризм аҿиара иацхраалоит иҳәеит атриатлон азы Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алексеи Ческидов аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ацеремониа амҩаԥысраан.

"Абри аспорт хкы иазхьаԥшуа иалагаз ауаа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иазҳауеит. Ҳара иҳагәҭакуп ааԥын инаркны ҭагаланынӡа Аԥсны атриатлон азы аицлабрақәа рымҩаԥгара. Уи азы Аԥсны иҟоу аҳауатә ҭагылазаашьа акыр иманшәалоуп", — иҳәеит иара.

2017 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсни Урыстәылеи атриатлон азы Рфедерациақәа раԥхьаӡа акәны Аҟәа имҩаԥыргараны иҟоуп аицлабрақәа.

"Жьҭаара 14 — 15 рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп аицлабрақәа. Жьҭаара 14 рзы имҩаԥгахоит аӡсаразы Евразиатәи Ахраҿаз аицлабрақәа рфинал. Жьҭаара 15 рзы имҩаԥгахоит атриатлон азы аицлабрақәа. Аицлабрақәа ирылахәхар алшоит изҭаху зегьы. Алахәразы аԥаратә лагала ҟаҵатәуп", — иҳәеит Алексеи Ческидов.

Атриатлон азы Аԥснытәи Афедерациа аиҳабы Борис Барцыц иазгәеиҭеит:

"Ари ауснагӡатә аҵакы аманы иҟоуп. Иаҭахуп иахәҭоу аиҿкаара бзиа. Ҳара зегьы ҳзы арҭ аицлабрақәа раԥхьатәиқәоуп. Аицлабрақәа рышьҭахь иныҭкааны иаабоит Аԥсны атриатлон аҿиара аиооу иамоуоу", — иҳәеит Барцыц.

Аиҿкааҩцәа ишырҳәаз ала аицлабра иалахәхарц зҭаху рыҽҭарҩыр рылшоит Titan-race асаит аҟны

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны аицлабра информациатә партнерны иазыҟоуп.

Триатлон азы раԥхьатәи аицлабрақәа мҩаԥысит Гаваи аҟны 1977 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0