Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит

© Sputnik Авидзба БадракИраклий Тужба
Ираклий Тужба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вашингтон аҽазныкгьы адҵа ҟанаҵеит Қырҭтәыла "иаҵанакуа" адгьылқәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи ар рылгатәуп ҳәа.

АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба ари аҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит ақәыӡбра азуа.

"Асеиԥш аҳәамҭақәа атрадициатә ҟазшьақәа роуа иалагеит қарҭааи урҭ рҩызцәеи реиԥыларақәа рышьҭахь. Аха иарбанызаалак ҵаҵӷәык рыманы иҟам, урҭ адекларативтә ҟазшьоуп ирымоу", — иҳәеит иара.

Аминистрра қырҭтәыла мраҭашәаратәи аҩызцәа аԥсуа-ақырҭуа еимакы аҭышәныртәаларазы иарбанызаалак обиективтә знеишьак рыманы иҟам ҳәа азгәанаҭоит.

Секретарь совбеза Мухамед Килба. - Sputnik Аҧсны
Кьылба: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи ар рылгатәуп ҳәа аҳәамҭа дақәыӡбоит

Аминистр ицхырааҩ иҳәоит Мраҭашәаратәи атәылақәа иахьатәи аамҭазы аахыҵ Кавказ ишьақәгыланы иҟоу агеопалитикатә ҭагылазаашьақәа рызхьаԥшра шырҭахым, амиф аҟазшьа змоу "Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара" шьаҭас иҟаҵаны аҳәамҭақәа ҟарҵоит, иара убри алагьы қырҭтәыла анапхгара Аԥсни уи атәылауааи рганахь ала рагрессивтә политика дырӷыӷкуеит ҳәа.

"Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа Аԥсны иахьаҵанакуа рыҟазаара азакәаншьаҭа рымоуп, аҩ-тәылак рыбжьара анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа ирықәшәо иҟоуп", — иҳәоит Ҭыжәба.

Военнослужащий российской военной базы в Абхазии во время тренировки по противодействию терроризму - Sputnik Аҧсны
ЕАШ (США) Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи ар рылгатәуп ҳәа азгәарҭеит

Вашингтон имҩаԥысыз ашәарҭадареи атәылахьчареи рзы Аусутә гәыԥ алахәылацәа аҽазныкгьы Урыстәыла аганахь адҵа ҟарҵеит 2008 шықәсазтәи аибашьра аанкылараз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Қырҭтәыла "иаҵанакуа" адгьылқәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи ар алнагарц.

"ЕАШ (США) инаҵшьны иазгәанаҭоит Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара шазханаҵо уаанӡатәи иара жәларбжьаратәи аҳәаақәа инарықәыршәаны", — ҳәа аҳәоит аҳәамҭа.

Нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Урыстәыла Аԥсни аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит. Урыстәыла анапхгара изныкымкәа ирҳәахьеит уи азхаҵара иҟоу аҭагылазаашьақәа ирықәыршәан имҩаԥган аиҭакрагьы алшом ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0