Агәыҳалалратә концерт 300 000 мааҭ еизнагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБлаготворительный забег "Бежим со смыслом"
Благотворительный забег Бежим со смыслом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәсатәи Асоциал-культуратә аԥшьгарақәа рфонд акциа хыркәшахеит цәыббра 13 рзы.

АҞӘА, цәыббра 14– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Асоциал-культуратә аԥшьгарақәа рфонд еизнагеит 300 000 мааҭ аԥара Агәыҳалалратә фонд "Ашана" азы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Афонд ашьаҭаркҩы Азамаҭ Багаҭелиа.

"Иахьанӡа ҳпартниорцәа рҟынтәи Афонд "Ашана" азы аԥарақәа ааиуан. Иахьа ҳара есышықәсатәи акциа хҳаркәшеит. Еизгоуп 330 240 мааҭ аԥара" — иҳәеит иара.

Акциаҟынтәи еизгоу аԥарақәа нашьҭхоит Данаҭ Багаҭелиа ихәышәрахьы.

Пицунда имҩаԥысуеит ахәыҷқәа рыцхыраара иазку агәыҳалалратә концерт

"Ахәыҷы хышықәса ихыҵуеит. Иара амедецинатә технологиақәа рзы Москватәи аинститут ахь ҽыхәышәтәра дрышьҭраны дыҟоуп", — иҳәеит Азамаҭ Багаҭелиа.

Агәыҳалалратә акциа хацыркын нанҳәамзазы. Аиҳарак аԥара еизган Пицунда, нанҳәа 21 рзы имҩаԥгаз агәыҳалалратә концерти ацәыргақәҵеи рҟны.

Асоциал-культуратә аԥшьгарақәа рфонд информациатә партниорны иазықәгылоуп аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны.

Ажәабжьқәа зегьы
0