Аҟәатәи аҩнеихагылақәа рҟны алифт ҿыцқәа ықәдыргылоит

© Sputnik / Саида Жьиԥҳааҩнеихагылақәа рҟны иԥсаххоит 26 лифт
аҩнеихагылақәа рҟны иԥсаххоит 26 лифт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны алифт ҿыцқәа аҩнеихагылақәа рҟны рықәыргылара апроект иацҵоуп.

АҞӘА, цәыббра 14– Sputnik, Бадри Есиава. 30 лифт рҟынӡа ықәдыргылараны иҟоуп Аҟәатәи аҩнеихагылақәа рҿы 2017 шықәса нҵәаанӡа. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ЗҲәА "Аԥснылифт" адиректор Ҭимур Чкотуа.

"Иаарласны Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа игылоу аҩнеихагылақәа рҟны алифт ҿыцқәа аусура иалагоит", — иҳәеит Чкотуа.

Афирма адиректор иажәақәа рыла аҳҭнықалақь аҟны иҟоу алифтқәа еиҳарак изыԥхасҭахо ииашаны иахьеидкылами ахархәара иашаны иахьрымами азоуп. Алифт аусура аангылалоит аидара ахьыхьанҭоу иахҟьаны.

"Ахатәуадақәа рҟны аремонтқәа ҟазҵо реиҳараҩык аргыларатә маҭәахәқәа алифтқәа рыла ихаргалоит. Аҩнқәа рҟны иҟоу алифтқәа еидарамҩангагаӡам. Амеханизмқәагьы уашәшәырахоит, нас зынӡа иаангылоит", — иҳәеит иара.

Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны алифт ҿыцқәа аҩнеихагылақәа рҟны рықәыргылара апроект иацҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0