Аԥсышәала акьыԥхьразы иаку ашрифт ахархәара аиуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание Кабмина
Заседание Кабмина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит ахәаша цәыббра 15 рзы.

АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара иаднакылаз аӡбамҭа инақәыршәаны, аԥсышәала акьыԥхьразы иаку ашрифт иуникод ахархәара амазаауеит.

"Аԥсны аҳәынҭқарратә напхгара аҭареи, аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәеи рҿы иуникод асимволқәа, жәларбжьаратәи астандарт аԥсуа бызшәа акодыртәра астандарт аҳасаб ала ахархәарахь адкыларазы", — иҳәеит Аҳәынҭқарратә Бызшәатә политиказы аилак ахантәаҩы Нурбеи Ломиа.

Ари апроект хықәкыс иамоуп, аԥсышәала икьыԥхьуа, атекстқәа аус рыдулара апроцесс астандарт азаагареи, аинформациатә технологиақәа русхк аҟны аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиареи.

"Зыӡбахә ҳҳәаз апроект аԥҵараан, акырынтә аиԥыларақәа мҩаԥаагеит апрограммистцәеи ҳареи, иара убас, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵареи аҭҵаарадырреи аминистрра ахаҭарнакцәа алархәны", — иҳәеит Ломиа.

Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба иазгәеиҭеит, иахьа уажәраанӡа Аԥсны аԥсышәала акьыԥхьра ахьымҩаԥысуа иаку шрифтк ахархәара шамам.

"Убри азы, ари аҩыза ажәалагала ииашоуп. Иҟоуп ажәытә шрифтқәа ирышьцылахьоу, аҿыц здызымкыло, аха сгәы иаанагоит иашьцылоит зегьы ҳәа. Иаку астандарт ыҟамкәа ԥсыхәа ҳамам, уи еилкаауп", — азгәеиҭеит Какоба.

Уи анаҩс, Аҳәынҭқарратә Бызшәатә политиказы аилак Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ирыднагалеит ари ашықәс иалагӡаны имҩаԥыргахьоу, насгьы имҩаԥыргараны иҟоу русура аплангьы, уи аминистрцәа адгылара арҭеит.

Иара убас, Аминистрцәа Реилазаара ақәшаҳаҭхеит Аҳәынҭқарратә Бызшәатә политиказы аилак инанагӡо апроектқәа назыгӡо аусуаҩцәа ирырҭо автортә гонорарқәа рацҵара. 


Ажәабжьқәа зегьы
0