Атроллеибусқәа рныҟәара еиԥызҟьаз аремонттә усурақәа хыркәшахоит

© Sputnik / Илона Хварцкия Троллейбусный парк
Троллейбусный парк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Имам Шамиль имҩаҟны Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа аусурақәа атроллеибусқәа рныҟәара ааныркылеит 2017 шықәса цәыббра 6 раахыс.

АҞӘА, цәыббра 19 — Sputnik, Бадри Есиава. Имам Шамиль имҩаҟны Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа аусурақәа атроллеибусқәа рныҟәара ааныркылеит 2017 шықәса цәыббра 6 раахыс. Урҭ аусурақәа уажәы ахыркәшаратә етап ахь инеины иҟоуп иҳәеит анардадаҩ ихаҭарнак Саид Сангәлиа.

"Сгәы иаанагоит уаҵәы иалыршаны аусурақәа рхыркәшара ҳалшап ҳәа. Иахьа атроллеибустә парк аиҳабыра уи азы адырра рысҭараны сыҟоуп. Ишазыԥхьагәаҭоу еиԥш зегь ҳзеиҿкаар аҩаша атроллеибусқәа рмаршрутқәа хацдыркуеит", — иҳәеит Сангәлиа.

Сангәлиа иазгәеиҭеит аусурақәа иҵегь заа ихдыркәшараны ишыҟаз, аха аӡымҩангагатә трубақәа рганахь ала апроблемақәа цәырҵит. Урҭ уа иҟоуп ҳәа уаанӡа иҳаздырамызт иҳәеит иара.

Иара ишиҳәаз ала аӡымҩангага аус амуеижьҭеи акрааҵуеит, иара аҟынтәи аӡы аканализациа иҭаланы ицон. Уи аӡымҩангага аркхоит ашәахьа, цәыббра 18 ауха.

Имам Шамиль имҩаҟны Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа аусурақәа атроллеибусқәа рныҟәара ааныркылеит 2017 шықәса цәыббра 6 раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0