Sputnik НИИЕПиТ аиубилеи азгәаҭара адгылара анаҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-центр
Пресс-центр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
НИИЕПиТ 90 шықәса ахыҵра иазку аконференциа иалахәхоит ҳәа ирзыԥшуп Урыстәыла, Ермантәыла, Украина, Белоруссиа рҭҵаарадырратә институтқәа рхаҭарнакцәа.

АҞӘА, цәыббра 19. Sputnik апресс-маҵзура. Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аексперементалтә паталогиеи атерапиеи рҭҵаарадырратә институт (ААРАПАРИ) 90 шықәса ахыҵра иазку аҭҵаарадырратә конференциа информациатә партниорны иазыҟалоит. Апартниорра аҳәаақәа ирҭагӡаны амаҵзура имҩаԥнагоит аҵарауаа, академикцәа рыҿцәажәара, иахцәажәоит аиубилеитә уснагӡатәқәа рымҩаԥысшьа атәы.

НИИЕПиТ 90 шықәса ахыҵра иазку аконференциа иалахәхоит ҳәа ирзыԥшуп Урыстәыла, Ермантәыла, Украина, Белоруссиа рҭҵаарадырратә институтқәа рхаҭарнакцәа.

"Ҳара агәахәара ду ҳнаҭоит асеиԥш аҵакы зманы иҟоу ахҭыс информациатә партниорк аҳасабала ҳахьазыҟало. Аинститут аҟны имҩаԥырго аусурақәа акьыбачымазарақәа ирҿагыланы ақәԥараҿы ахәҭа дуӡӡа аларгалоит, ахәшьарагьы уадаҩуп. Иара ианаамҭаз аинститутАсовет Еидгылаҿы аиԥш зеиԥшыз ыҟамызт", — иҳәеит Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Руслан Бганба.

Sputnik (sputniknews.com) – жәабала атәылақәа рыҟны иҟоу ажәабжьтә маҵзура, амультимедиитә информациатә хабқәа зманы иҟоу арадио. Sputnik ахь иаҵанакуеит 30 рҟынӡа асаитқәа, аналогтәи ацифратәи радиодырраҭарақәа, амобилтә цҵақәеи асоциалтә ҳақәа рыҟны адаҟьақәеи. Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла.

Амультимедиатә информациатә хаб Sputnik Аԥсны аусура хацнаркит 2014 шықәса ԥхынҷкәын 8 рзы. Шықәсыктәи аусурала асаит аурыси аԥсуеи версиақәа рҟны икьыԥхьын быжьнызқьи бжаки рҟынӡа материал, ҩышә инареиҳаны аинтервиуқәеи аналитикатә материалқәеи, хәышә инареиҳаны авидеоматериалқәа. Атематикатә проектқәа "Аԥсны аԥсшьара", "Аиааира ду ҳзаазгаз", "Иҭыхым аибашьцәа", "Арепатриациа", "Аҟазацәа ртәыла", "Sputnik.Аԥхьарақәа", "Абызшәа. Аҿаҳәҳәага", "Жәлар рдоуҳа" аԥхьаҩцәа даара зинтерес рыманы ирыдыркылаз проектқәоуп. Асоциалтә ҳақәа рыҟны асаит анапаҵаҩцәа рхыԥхьаӡара азҳара иаҿуп: Инстаграммаҟны – 4 000-ҩык; Вконтакте – 1 600-ҩык; Facebook- 6000-ҩык; Twitter — 300-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0