"Аҭынчра аҳәыҳәқәа" ажәҩан ахь иаурышьҭиҭ Аҟәа

© Sputnik Анжелика БенияАкция "Голубь мира"
Акция Голубь мира - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭынчра амш инамаданы цәыббра 21 рзы Аҟәатәи алицеи интернат аҿы "Иаку адоуҳатә сааҭ" мҩаԥыргеит.

АҞӘА, цәыббра 21 — Sputnik Анжелика Бениаԥҳа. Аҟәатәи алицеи интернат аҵаҩцәа рхы аладырхәит "Аҭынчра аҳәыҳә" захьӡу афлешмоб.

Аҭынчреи Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа ргәалашәара аҳаҭырази ахәыҷқәа ажәҩан ахь иоурышьҭит ишкәакәоу шәкы анкьапышҭарчқәа, ақьаадтә ҳәыҳәқәа рыцны, – лҳәеит алицеи интернат адиректор Лариса Қапԥҳа.

"Раԥхьаӡа акәны имҩаԥаҳгоит ари акциа. Ахәыҷқәа рыгәҭақәа рҿы апатриотизмреи аҭоурых агәалашәареи аԥыжәара рымоуп. Ари амш аԥҵан Аџьынџьтәылатәи аибашьра ашьҭахь. Уи абиԥара цахьеит, аха иахьагьы иаҳгәалашәоит. Ахәыҷқәа аҳәыҳәқәа агәылаԥҟаны, афырхацәа, рабдуцәа, урҭ рабдуцәа рыхьыӡқәа ананырҵоз. Ҳәарада, ари аусмҩаԥгатә уажәшьҭа итрадициахоит, — азгәалҭеит Қапԥҳа.

Лара лажәақәа рыла Аҭынчра аҳәыҳә "Иаку адоуҳаҭтә сааҭ" аинтернат аҿы имҩаԥган Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семен Григориев иҟаиҵаз ажәалагалала.

Алицеи интеранат аҿы аҵара рҵоит 178 ахәыҷқәа. Аҭаацәарацәа аҟынтә, зҭагылазаашьа уадаҩу, иара убас аинвалидцәа рхәыҷқәа. Урҭ рахьынтә 20 ҩык Ауаажәларратә агәыҳаларатә еиҿкаара "Кьараз" хылаԥшра рырҭоит.

© Sputnik Анжелика БенияАкция "Голубь мира"
Акция Голубь мира - Sputnik Аҧсны
Акция "Голубь мира"

Аиҿкаара адиректор Камма Гоԥиаԥҳа иазгәалҭеит "Кьараз" ари акциаҿы аганахь ишаанымхаз.

"Жәларбажьаратәи Аҭынчра амш аҽны традициала ажәҩан ахь ирышьҭуеит аҳәыҳә шкәакәақәа, иара аҭынчра символра азызуа. Ари афлешмоб адоуҳатә ҭынха ахьчара иаззырхоуп, ахәыҷқәа апатриотизми, абзиабареи, агәыҳалалреи рыланааӡоит. Ҳара иҳаӡбеит ари акциа ахалархәра избанзар, ҳхаҭагьы адунеихь аԥхарреи, абзиабареи, ақьиареи анагаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ", – лҳеит Гоԥиаԥҳа.

1981 шықәса рзы ООН Ассамблеиа арезолиуциала ирыланаҳәеит Жәларбжьаратәи Аҭынчра амш, (International Day of Peace). Иагьазгәарҭоит цәыббра ахԥатәи аҩаша.

"Аҭынчра Аҳәыҳә" акциа ахықәкы хадас иамоуп Аҩбатәи Адунеизегьтәи еибашьреи Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡеи раан игаз аиааира агәаларшәара аиқәырхара.

Ажәабжьқәа зегьы
0