Атроллеибусқәа рныҟәара хацдыркит

© Sputnik / Илона Хварцкия Троллейбусный парк
Троллейбусный парк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 6 инаркны Аҟәа атроллеибусқәа рныҟәара аамҭала иаанкылан Имам Шамиль имҩаҟны имҩаԥысуаз аремонттә усурақәа ирхырҟьаны.

АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аҟәа атроллеибусқәа рныҟәара аамҭала иаанкылан цәыббра 21 инаркны урҭ рныҟәара еиҭахацдыркит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Атроллеибустә усбарҭа аиҳабы Иури Барганџьиа.

"Ақалақь Ахадара ақәҵарала аусурақәа ҩымчыбжьа ҿҳәараны ирзоужьын. Уи аҿҳәара иҭагӡаны атроллеибусқәа рныҟәара хацдыркит", — иҳәеит Барганџьиа.

Аныҟәара иалагеит амаршрутқәа рыхԥагьы: № 1 Араион ҿыц – Аџьырмыкьа, № 2 Алашарбага – Тхубун, № 3 Ажәытә ҳабла — аџьырмыкьа.

Аҟәа атроллеибусқәа рныҟәара аамҭала иаанкылан Имам Шамиль имҩаҟны имҩаԥысуаз аремонттә усурақәа ирхырҟьаны цәыббра 6 инаркны.

"Аусурақәа мҩаԥымгазар ҟаломызт. Ҳара ҳусура аанкылара азыԥхьагәаҭамызт, аха нас ԥсыхәа ҟамлеит. Имам Шамиль имҩаҟынтә Лакоба имҩахь атроллеибусқәа зхаҵәиуамызт", — иҳәеит иара.

Аремонттә усурақәа мҩаԥган Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

"Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны Имам Шамиль имҩаҟны акоммуникациақәа аремонт рзура ҳалагеит. Ԥхьаҟазы акаҭран ақәырҭәара азыԥхьагәаҭоуп", — иҳәеит Аҟәа ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа.

Атроллеибусқәа ахьымӡамныҟәоз ауааԥсыра рымаҵ руан автобусқәеи амаршруттә таксиқәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0