Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аофицертә еилазаара харҭәаахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВстреча Рауля Хаджимба с молодыми офицерами погранслужбы РФ
Встреча Рауля Хаджимба с молодыми офицерами погранслужбы РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура аилазаара хадырҭәааит 2017 шықәса рзы аҵараиурҭа иалгаз аофицерцәа.

АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ахәаша, цәыббра 22 рзы атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба дырԥылеит Аԥсныҟа аррамаҵзура ахыгаразы иааз Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура иатәу аҳәаахьчаратә институтқәа ироушьҭымҭацәоу аофицерцәа.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху амузеи аҟны аиԥылара иалахәыз ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Ахьӡ-аԥша абаҟа амҵаны.

Рауль Ҳаџьымба аофицерцәа ҿарацәа ирыдиныҳәалеит рпрофессионалтә маҵзура аха ахацыркра, иҳәеит дышгәыӷуа урҭ руалԥшьақәа рынагӡараан хшаҭара ҟарҵарым, рдыррақәа аԥышәаҿ ахархәара рырҭап ҳәа.

"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аизыҟазаашьа бзиақәа. Ҳара Аԥсны бзиала шәаабеит ҳәа гәыкала ишәаҳҳәоит. Шәаԥхьаҟа имариам аусқәа шьҭоуп. Шәара аҳәынҭқарра ашәарҭадара ахьчараҿы раԥхьатәи ацәаҳәаҟны шәгылоуп. Шәусура иалҵшәаны аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҳра руеит", — иҳәеит Аԥсны Ахада аиԥылараан.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Дмитри Иудин иажәақәа рыла асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа рымҩаԥысра традициак еиԥшхо иҟалеит ҳәа.

"Сара агәахәара снаҭоит ҳара ҳусбарҭахь амаҵзура ахысразы шәахьаашьҭу. Ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп ақәҿиарақәа, шәнапы иану аусқәа лҵшәа бзиала рынагӡара", — иҳәеит Иудин.

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Зураб Марганиа иҳәеит 2009 шықәса раахыс Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчараан ишҭахахьоу имаҷҩымкәа урыстәылатәи аррамаҵзурауаагьы.

© Sputnik / Томас ТхайцукВстреча Рауля Хаджимба с молодыми офицерами погранслужбы РФ
Встреча Рауля Хаджимба с молодыми офицерами погранслужбы РФ - Sputnik Аҧсны
1/4
Встреча Рауля Хаджимба с молодыми офицерами погранслужбы РФ
© Sputnik / Томас ТхайцукВстреча Рауля Хаджимба с молодыми офицерами погранслужбы РФРФ
Встреча Рауля Хаджимба с молодыми офицерами погранслужбы РФ - Sputnik Аҧсны
2/4
Встреча Рауля Хаджимба с молодыми офицерами погранслужбы РФРФ
© Sputnik / Томас ТхайцукВстреча Рауля Хаджимба с молодыми офицерами погранслужбы РФ
Встреча Рауля Хаджимба с молодыми офицерами погранслужбы РФ - Sputnik Аҧсны
3/4
Встреча Рауля Хаджимба с молодыми офицерами погранслужбы РФ
© Sputnik / Томас ТхайцукВстреча Рауля Хаджимба с молодыми офицерами погранслужбы РФ
Встреча Рауля Хаджимба с молодыми офицерами погранслужбы РФ - Sputnik Аҧсны
4/4
Встреча Рауля Хаджимба с молодыми офицерами погранслужбы РФ
1/4
Встреча Рауля Хаджимба с молодыми офицерами погранслужбы РФ
2/4
Встреча Рауля Хаджимба с молодыми офицерами погранслужбы РФРФ
3/4
Встреча Рауля Хаджимба с молодыми офицерами погранслужбы РФ
4/4
Встреча Рауля Хаджимба с молодыми офицерами погранслужбы РФ

"Ишәзеиӷьасшьоит шәнапынҵақәа рынагӡараан машәыр шәықәымкәа шәыҟалара. Сгәы иаанагоит изныкымкәа ҳаиқәшәап ҳәа", — иҳәеит иара.

Андреи Устимкин, аофицерцәа рыхьӡала Аԥсны анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵаз адкылара ԥхазы.

Аофицерцәа иазгәарҭеит ишазыхиоу Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура ирыднаҵо аусқәа зегьы ламысцқьала рынагӡара. Аиԥылара ахыркәшамҭазы агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит. Алеитенант Артем Привалов иԥшәмаԥҳәыс Привалова Олесиа атәыла Ахада ашәҭшьыҵәрақәа лнапы иаиркит "Сгәы иаанагоит ара шәыҟазаара аманшәалара ацны иҟалап ҳәа" лаҳәо.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура аилазаара хадырҭәааит 2017 шықәса рзы аҵараиурҭа иалгаз аофицерцәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0